"Омикрон" ахкы ҿыц аарԥшуп Урыстәыла

Ачымазара ахкы ҿыц "кентавр" Иапониа, Германиа, Британиа ду, ЕАА иаарԥшын.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Акоронавирус омикрон-штамм,"кентавр" ҳәа хьӡыс изауз ахкы ҿыц Урыстәыла иаарԥшуп, абри атәы аанацҳауеит Роспотребнадзор.
"Аҿкы зыдбалоу зегьы рчымазара марианы ирхыргоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭоит "кентавр" "омикрон" егьырҭ ахкқәа излареиԥшым аамҭа кьаҿла ишьақәыргылахоит.
Роспотребнадзор иазгәанаҭоит акоронавирус ахкы ҿыцқәа еиҳа имарианы ишырхыргогьы атәылауаа рхы гәарҭалар шакәу.
Аԥсны
Ԥхынгәы 15 раахыс Аԥсны 23-ҩык акоронавирус шрымаз шьақәырӷәӷәан
Еиҳа ишәарҭоу – атәанчаҩцәа, ачымазара злаҽу ауаа асабрадақәа ныҟәыргалароуп, арзҩыдагақәа рхы иадырхәалароуп. Уи адагьы ес-шықәсыбжа алаҵа еиҭаҟаҵалатәуп.