Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҿы икажьуп украинатәи аҳаирплан Су-25

Украина имҩаԥысуа арратә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи ар ааха рырҭоит аӷа ирратә инфраструктуреи иабџьари.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Урыстәыла анырҵәагатә авиациа украинатәи аҳаирплан Су-25 ДЖәР ажәҩанҵакыраҿ икарыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрраҟынтә.
Уи адагьы урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә мчқәа иҭадырхеит украинатәи авертолиот Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 5, рыԥырра еиԥырҟьоуп зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Ураган" ахгәыцәқәа ааба Херсонстәии Харьковтәии аобластқәа рҿы.
Аусбарҭа адыррала, икылкааны ихысны иҭадырхеит 120-ҩык қырала аибашьцәа назлоу 600-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа Одессатәи аобласт аҟны рыԥсшьарҭа ҭыԥ "Империа" аҿы.
Уи адагьы, Николаев иҭархан УАМ амилаҭеилыхыҩцәа 320-ҩык. Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа жәба: Николаев игылаз 59-тәи амшыншьаҟатә бригада, Артемовск игылаз 14-тәи амеханизациа зызуу абригада, Краматорск иҟаз УАМ аштаб-квартира. Иқәыцҟьаауп аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа фба.
Ааха рыҭоуп зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Ураган" абатареиеи агаубицақәа "Акациа" абатареиеи Харьковтәи аобласт аҿы, зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Град" авзводқәа ааба, агаубицақәа Д-20 рартиллериатә взводқәа фба, Д-30 рартиллериатә взводқәа быжьба.
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Иара хықәкыс иамоуп Украина абџьархыхра, амилаҭеилыхцәа рықәгара, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим аҟынтә реиқәырхара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла АКМ Украина аракетатә комплес "Гарпун" ааха арҭеит