Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла АКМ Украина аракетатә комплес "Гарпун" ааха арҭеит

© Sputnik / Виктор Антонюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОсвобожденный Лисичанск
Освобожденный Лисичанск - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2022
Анапаҵаҩра
Украина абџьархыхреи амилаҭеилыхра ақәгареи рзы арратә операциа ҷыда мҩаԥысуеит жәабран 24 аахыс.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Урыстәыла аҳаир-космостә мчрақәа Украина, Одессатәи аобласт аҿы аракетатә комплес "Гарпун" ааха арҭеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы ааха рыҭоуп: ДЖәР аҿы 14-тәи амеханизациатә бригада аракета-артиллериатә бџьар ашьҭаҵарҭеи амшыншьаҟауаа 35-тәи рбригада ргыларҭеи. Иҭархоуп 240-ҩык аруааи 30 ак аибашьыга кәылӡтехникеи.
Ԥхынгәы 19 - 20 рыҩныҵҟа ааха рыҭоуп 48-тәии 58-тәии амшыншьаҟауаа рыбригадақәа рреактивтә системақәа "Град" авзводқәа хәба, агаубицақәа Д-20 рартиллериатә взводқәа фба, Д-30 артиллериатә взводқәа жәба.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетақәеи, артиллериеи рыла ааха рыҭоуп анапхгараҭаратә ҭыԥқәа быжьба, 63-тәи амеханизациа зызуу абригадеи 61-тәи ашьаҟауаа рыбригадеи, 128-тәи ашьха-жәыларатә бригадеи, 92-тәи амеханизациа зызуу абригадеи рыҟәшақәа, аракета-артиллериатә шьҭаҵарҭақәа ааба, абылтәышьҭаҵарҭа.
Икажьуп аҳаирпланқәа: МиГ-29, Су-25. ПВО ахархәагақәа иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба, иааныркылеит РСЗО "Ураган" ахгәыцәқәа жәба Харьковтәии Херсонтәии аобластқәа рҿы.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 400 ҳаирплани вертолиоти, 1572 аԥырҩы дызҭам аппарат, 356 зенит-ракетатә комплекс, 4135 танк, 760 реактив-систематә машьынақәа, 3166 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 4410 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0