АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш азгәарҭеит Аҟәеи атәыла егьырҭ араионқәеи рҟны ԥхынгәымза 23 рзы.
Аныҳәа аҳаҭыраз астадион "Динамо" аҟны аспорттә уснагӡатәқәа мҩаԥган. Ашьыжь аспортсмен қәыԥшцәа - ақәԥаҩцәа, ашьапылампыл асыҩцәа, абоксиорцәа хынтәны аолимпиатә чемпион, ақәԥаҩ Александр Карелини еиԥылеит.
Уи ашьҭахь астадион аҟны иаартын ақыҭақәа рыбжьара ашьапылампыласразы аицлабра, уи хыркәшахоит нанҳәамза 7 азы. Раԥхьатәи ахәмарраҟны еиԥылеит Ҷлоуи Лыхни ркомандақәа, 3:1 ҳәа ҷлоуаа аиааира ргеит. Зынӡа иалахәуп 12 команда.
Ахәылбыҽха Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи, арҿиаратә коллективқәеи, акәашаратә ансамбльқәеи злахәыз аконцерт мҩаԥысит. Актиор Кьасоу Ҳагба Аԥсны аҳәынҭқарра еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иамаз абираҟқәа рҭоурых еиҭеиҳәеит. Иара убас, есышықәса ишаԥу еиԥш амшын аԥшаҳәа ианысит ԥсыуа маҭәала еилаҳәаз аҽыуаа.
Асцена аҟынтәи Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа. Иара иҳәеит Аҳәынҭқарратә бираҟ символра шазнауа Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи, уи иамоу аҭоурых дуӡӡа, ибеиоу аҭынха, абиԥарақәа реимадара, ишеиднакыло милаҭрацәала еилоу ҳажәлар.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, урыстәылатәи аполитик Константин Затулин.
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иара убас аныҳәатә уснаӡатәқәа мҩаԥган Гәдоуҭеи Гагреи, Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟныи.
Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь. Абираҟ авторс дамоуп асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Абираҟ рӡахон Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны.
Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵит 30 шықәса.