АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik,Бадри Есиава. Ақәыршҩы ӷәӷәа иауз иахҟьаны ақыҭақәа Кәтоли Ҭоумышьи еимаздоз ацҳа аӡы иҵнаӡәӡәааит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.
Иара иазгәеиҭеит хьӡыда иҟоу аӡкәарҷҷа амшцәгьан ихыҵын ацҳа шҵнаӡәӡәааз ԥхынгәы 22-23 ауха.
"Ҳара уажәа абӷанҷ ақәԥсан аамҭала ауаа ныҟәаратә иҟаҳҵеит, аха уи аамҭалоуп. Аԥхьаҟа ишьҭыхны аӡы аԥырхага ҟанамҵартә ацҳа ҿыц хҵатәуп", - ҳәа иҳәеит араион ахада.
Бигәаа иажәақәа рыла, аӡы иҵнаӡәӡәаз аихабетонтә цҳа ԥшь-метрак иҟан, аҭбаареи ауреи ҩба-ҩба метра. Ацҳа ҿыц аргыларазы ахарџьнҵа аиқәыршәараз изыхәҭоу аусбарҭақәа рнапы ианҵоуп. Макьаназы еилкаам Очамчыра анапхгара рымчала ашьақәыргылара алшо, ма афинанстә цхырааразы атәыла анапхгарахь аҳәара ҟарҵо.