Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақәаршҩы илеиз иахҟьаны Кәтол ақыҭа ацҳа ҵныӡәӡәааит

© Foto / ochamchira_inform_В селе Кутол вышедшая из берегов река и размыла мост
В селе Кутол вышедшая из берегов река и размыла мост  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Анапаҵаҩра
Кәтол ақыҭа ацҳа ҿыц ахҵаразы Очамчыра араион ахадара иҟарҵаз анапынҵала еиқәыршәахоит ахарџьнҵатә шәҟәқәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik,Бадри Есиава. Ақәыршҩы ӷәӷәа иауз иахҟьаны ақыҭақәа Кәтоли Ҭоумышьи еимаздоз ацҳа аӡы иҵнаӡәӡәааит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.
Иара иазгәеиҭеит хьӡыда иҟоу аӡкәарҷҷа амшцәгьан ихыҵын ацҳа шҵнаӡәӡәааз ԥхынгәы 22-23 ауха.
"Ҳара уажәа абӷанҷ ақәԥсан аамҭала ауаа ныҟәаратә иҟаҳҵеит, аха уи аамҭалоуп. Аԥхьаҟа ишьҭыхны аӡы аԥырхага ҟанамҵартә ацҳа ҿыц хҵатәуп", - ҳәа иҳәеит араион ахада.
Бигәаа иажәақәа рыла, аӡы иҵнаӡәӡәаз аихабетонтә цҳа ԥшь-метрак иҟан, аҭбаареи ауреи ҩба-ҩба метра. Ацҳа ҿыц аргыларазы ахарџьнҵа аиқәыршәараз изыхәҭоу аусбарҭақәа рнапы ианҵоуп. Макьаназы еилкаам Очамчыра анапхгара рымчала ашьақәыргылара алшо, ма афинанстә цхырааразы атәыла анапхгарахь аҳәара ҟарҵо.
Сочи затопило после обильных ливней - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Шәача иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0