Шәача иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСочи затопило после обильных ливней
Сочи затопило после обильных ливней - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Анапаҵаҩра
Шәача сааҭкала 75 мм ақәа леит, ақалақьтә усбарҭақәеи аиқәырхаҩцәа ргәыԥқәеи иаашаанӡа амшцәгьа ахҟьа-ԥҟақәа раԥыхра иаҿын.
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Шәача ақалақь анапхгара ԥхынгәы 23-24 ауха иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда аларгаларц ргәы иҭоуп. Абри атәы иҩит ақалақь ахада Алексеи Копаигородски ихатәы Telegram-канал аҟны.
Амшцәгьа иахҟьаны ақалақь агәҭатәи 16 мҩа ааха роуит. Аҩнқәа аӡы рыҵалеит, иҟоуп актәи аихагылақәа рыҟны аӡы ахьыҩналазгьы, мҩак аҟны адгьылҳәазара иахҟьаны аҭӡы каҳаит, уи агазтә мҩангага аԥхасҭа анаҭеит.
Сочи затопило из-за проливных дождей - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Шәача аӡхыҵра иахҟьаны аԥҳәыс дҭахеит
Аӡы аӷьыра амашьынақәа амшынахь иагеит. Уи аҩыза 50 хҭыс ашәҟәы иҭагалоуп. Амашьынақәа зтәу ақалақь ахадара рыцхраауеит ирласны абгаԥсатә шәарақәа роурц.
Амашәыртә усбарҭа аҟазацәеи аволонтиорцәеи аӡы ахьнеиз зегь дрыцқьоит, афымцацәаҳәақәа шьақәдыргылоит.
Амшынҭалараз ақалақьтә плиажқәа аркуп. Амшцәгьаз агәҽанызаара шыҟац иаанхоит. Аҳауагәаҭаҩцәа иаарыцҳауеит ҩаԥхьа ақәаршҩы, акырцх ауеит ҳәа, иара убас иазгәаҭоуп аӡқәа рхыҵра, амшын аԥшатлакә ахылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0