Шәача ақалақь ахада аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа рзы: аҭагылазаашьа уадаҩуп

Амшцәгьаз агәҽанызаара шыҟац иаанхоит, ақалақь аҟны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Шәача ақалақь ахада Алексеи Копаигородски аӡхыҵра иахҟьаны ақалақь иаиуз аԥхасҭеи аҭагылазаашьеи уадаҩуп ҳәа ахәшьара аиҭеит. Абри атәы иҩит ихатәы Telegram-канал аҟны.

Иҳаҩсыз хымш рыла аԥсабаратә цәырҵрақәа ақалақь ааха ӷәӷәа анаҭеит. Аҭагылазаашьа уадаҩуп. Еиҳарак ааха аиуит Ақалақь агәҭа. Ҳаамҭазтәи Шәача аҭоурых аҟны ари ақалақь ахәҭаҟны ас еиԥш аԥхасҭа ҟамлацызт", - ҳәа иҩуеит Копаигородски.

Ақалақь ахада еиҭеиҳәеит, аӡхыҵра иахҟьаны ԥҳәыск дышҭахаз, аԥсҭбарақәа рацәахар алшон-аӡы иагоз ауаа рацәаҩны еиқәырхан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ахәыҷқәагьы ыҟан.
Аиқәырхаҩцәа аӡы зыҩналаз агәраҵақәа рҟынтәи ауаа дәылыргон.
Аԥсабаратә рыцҳара: Шәача иҟалаз аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа
Аӡы иахҟьаны амҩақәа ааха роуит- агәамсами алыкьи рҟынтәи идрыцқьахьеит, уажәазы адгьылҳәазарақәа ыҟазар ҳәа агәаҭарақәа цоит.
Иара убас астанциаеиҵа аихшарҭа аӡы ахьаҵалаз иахҟьаны ахәаахәҭратә центр "МореМолл" аҟны афымцалашара ыцәеит. Иара аркызаауеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аԥыххаанӡа.
Амшцәгьаз агәҽанызаара шыҟац иаанхоит. Аҳауагәаҭаҩцәа иаарыцҳауеит ҩаԥхьа ақәаршҩы, акырцх ауеит ҳәа, иара убас иазгәаҭоуп аӡқәа рхыҵра, амшын аԥшатлакә ахылара.