АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Ақыҭатә шьапылампыл апрофессионалтә еизҳаразы алшарақәа рацәаны иамоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба.
"Раԥхьа иргыланы аспорт ахь аинтерес ыҟоуп. Ҳара иаабоит ақыҭатә командақәа шыхәмаруа. Уи адагьы ахәмарыҩцәа рхы аадырԥшыртә алшара рнаҭоит, апрофессионалтә шьапылампыл ахь инеиратә ирыцхраауеит. Иара убасгьы аҵакы амоуп ахәмарыҩцәа реинырра, реиҭанеиааира", - иҳәеит Ҳагба.
Аицлабра иалахәуп ақыҭақәа Лыхны, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Кәтол, Алаҳаӡы, Приморск, Џьырхәа, Ҵарча, Бзыԥҭа, Аӡҩыбжьа, Уарча, Ешыра рҟынтәи 12 команда.
Ақыҭақәа ркомандақәа 15 шықәса еиҳабу рылахәуп, жәеиза-жәеизаҩык ыҟоуп. Аартра аҽны Ҷлоуи Лыхни ркомандақәа еиԥылеит. 3:1 ҳәа ҷлоуаа аиааира ргеит. Иара убас Алаҳаӡы-Уарча хәмаруан, 1:6 ҳәа алаҳаӡаа аиааит.
Атурнир афинал мҩаԥгахоит нанҳәа 7 рзы. Аиааира зго иранашьахоит ахраҿақәеи амедалқәеи.