Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

АШәМ адырра ҟанаҵеит ДЖәРи ЛЖәРи руааԥсыра аҳәаа ахысраз документқәас ирымазар акәу

Донецки Лугански руааԥсыра Украина ирнаҭаз адокументқәа рыла Урыстәыла иалалар рылшоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Донецки Лугански руааԥсыра Украина ирнаҭаз рхаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументқәа рыла Урыстәыла иалалар рылшоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә АШәМ апресс-маҵзура.
Раԥхьа иргыланы иаҭахуп атәылауаа рхаҭақәа рпаспорт, 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рзы аиразы аршаҳаҭга, шьҭахьҟа рыхынҳәразы аамҭалатәи ахаҭара шьақәзыргыло адокументқәа. Уи адагьы, ЛЖәРи ДЖәРи рхы иадырхәар ауеит Украина ирнаҭаз, рхаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументқәа, урҭ рыҿҳәара нҵәахьазаргьы.
Украина ауааԥсыра аҳәаа иахысыр рылшоит: апаспорт, аҳәаанхыҵҟа ацаразы Украина атәылауаҩ ипаспорт, адиппаспорт ма амаҵзуратә паспорт, 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы аиразы аршаҳаҭга, амшынуаҩ ихаҭара шьақәзыргыло адокумент, Украинаҟа ихынҳәра азин ҟазҵо аршаҳаҭга (Украинаҟа ахынҳәраз мацара), ID-хсаалага.
АШәМ адырра ҟанаҵоит ЛЖәРи ДЖәРи Украинеи руааԥсыра Урыстәыла анҭыҵҟагьы ицар шрылшо рхаҭарақәа шьақәзыргыло адокументқәа рыла, аха убри аан иаҭаххоит ахԥатәи атәылақәа ралалара азин ҟазҵо адокументқәа рзы актуалтә информациа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Запорожие ареферендум мҩаԥгахар аналшо атәы рҳәеит