Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Запорожие ареферендум мҩаԥгахар аналшо атәы рҳәеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРеферендум о досрочных выборах президента Абхазии
Референдум о досрочных выборах президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа иахәҭакны иҟаларц шырҭаху азы аҳәамҭа ҟарҵеит мшаԥымзазы, иазгәаҭан уи амҩаԥгаразы акомиссиақәа шазырхиоу.
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Запорожтәи аобласт астатус азы ареферендум цәыббрамзазы имҩаԥгахар алшоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит РИА Новости, Запорожтәи аобласт анапхгаратә хеилак аиҳабы Владимир Рогов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Рогов иҳәеит Запорожтәи аобласт аҿы ареферендум Херсонтәи аобласт аҿы ареферендум амҩаԥгара аамҭа инақәыршәаны имҩаԥгахар ҟалоит ҳәа.
"Иҟалоит аобластқәа рыҩбагь рҿы ареферендум еицымҩаԥгахар. Уажәы херсонтәи ҳколлегацәеи ҳареи аконсультациақәа мҩаԥаагоит, ҳаӡәыкны ҳақәгылоит. Ари зеиӷь ыҟам вариантуп. Аусмҩаԥгатәқәа зегьы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа иахьырԥшхоит", - иҳәеит иара.
Рогов иажәақәа рыла, даҽа комиссиакгьы аԥҵоуп Енергодар. Аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи аруаа Херсонтәи аобласти Украина аладахьы иҟоу Запорожтәи аобласт Азов иаԥну ахәҭеи рнапахьы иааргеит. Арегионқәа рҿы арра-граждантә напхгарақәа аԥҵоуп, урыстәылатәи ателеканалқәеи арадиостанциақәеи ддырбо иалагеит, Ҟрыми дареи рыбжьара ахәаахәҭратә еимадарақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Аԥарашәара амааҭ ахь маҷ-маҷ ииасуеит, урыстәылатәи аимадара аус ауеит.
Президент РФ В. Путин провел совещание по развитию дорожного строительства - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2022
Путин Украина ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра рыҭара ирмариеит
Зых иақәиҭтәу аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа иалаларц шырҭаху азы аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит. Ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәеи аиразы аршаҳаҭгақәеи роуразы азыҳәақәа ҟарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0