Аԥсны

Аԥсны абыргцәеи Аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш" алахәылацәеи еиԥылеит

Аиԥылара мҩаԥган аҿар раԥшьгарала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны абыргцәеи Аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш" алахәылацәеи еиԥылеит ԥхынгәы 26 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы.
Аиԥылара мҩаԥган аҿар раԥшьгарала. Дара ирҭаххеит зԥышәа дуу ауаа ражәа иазыӡырҩырц, иахьатәи аҭагылазаашьа алҵшьас иамоу иалацәажәарц.
Аԥсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа дрылацәажәеит аԥсҭазааратә хырхарҭа хадақәа иреиуоу – амилаҭтә традициақәа рықәныҟәара, аԥсуа бызшәа амырӡра.
"Зхатәы бызшәа змам амилаҭ аҳәынҭқаррагь азеиҿкаауам. Аԥсуа бызшәеи аԥсуа ҳәынҭқарреи еиҟәыҭхашьа рымам. Ҳбызшәала ҳамцәажәалар, ҳахшара мцәажәалар, уаҵәтәи амш ԥеиԥш амам. Ааԥхьара ҟасҵоит – бзиа ижәбала шәбызшәа, избанзар милаҭк аҳасабала ҳаиқәзырхоны иҟоу абызшәеи аԥсадгьыли рахь абзиабароуп", - иҳәеит иара.
Иара убасгьы атәыла аҿиара иаԥырхаганы иҟоу ауаажәларра реиҟәшароуп ҳәа иазиԥхьаӡоит Думаа.
Дазааҭгылеит аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" аҭаразы аиқәшаҳаҭра. Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы ареспублика анапхгара дрыдгылеит, иҳәеит аиқәшаҳаҭра аратификациа азура шаҭаху.
1 / 4

Аԥсны абыргцәеи Аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш" алахәылацәеи реиԥылара

2 / 4

Аԥсны абыргцәеи Аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш" алахәылацәеи реиԥылара

3 / 4

Аԥсны абыргцәеи Аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш" алахәылацәеи реиԥылара

4 / 4

Аԥсны абыргцәеи Аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш" алахәылацәеи реиԥылара

Аҟәа ақалақь Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Радион Абӷаџьаа иазгәеиҭеит ареспублика аҿиаразы актәи аҭыԥ аҿы игылоу аԥсуа бызшәа аҵара шакәу. Ахәыҷқәа аԥхьанатә рбызшәоуп идырҵатәу, анаҩс – егьырҭ абызшәақәа иҳәеит иара. Избанзар ахәыҷы дшыхәыҷу абызшәа анимҵа, анаҩс ицәыцәгьахоит. Абӷаџьаа аҿар рахь аҳәара ҟаиҵеит рхатәы бызшәала ицәажәаларц.
Ассоциациа "Аԥеиԥш" алахәыла Сариа Касланӡиаԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит Ахеилак алахәылацәа аиԥыларазы, иазгәалҭеит аиҵбыратәи абиԥара рзы акыр шаҵанакуа аԥышәа змоу, аԥсҭазаара иагәылаԥшхьоу ауаа ражәа.
Аиԥылара хыркәшо иазгәаҭан иара лассы-лассы ишымҩаԥгалатәу.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба "Аԥсуара" маҭәарк аҳасабала аҿар рызнагара иазкны