https://sputnik-abkhazia.info/20220722/azlatsazhasha-amoup-ashba-asuara-maark-aasabala-aar-ryznagara-iazkny--1040406407.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба "Аԥсуара" маҭәарк аҳасабала аҿар рызнагара иазкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба "Аԥсуара" маҭәарк аҳасабала аҿар рызнагара иазкны
Sputnik Аҧсны
"Аԥсуареи абиԥарақәа рдиалоги" захьӡу аиԥылара мҩаԥган Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс адискуссиатә клуб аҟны. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, Аконгресс... 22.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-22T12:12+0300
2022-07-22T12:12+0300
2022-07-22T12:12+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/15/1040406512_0:0:3179:1788_1920x0_80_0_0_885e831cf97af0b35be57894c4455fdb.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба "Аԥсуара" амаҭәар аҿар рызнагара иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба "Аԥсуара" амаҭәар аҿар рызнагара иазкны
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс адискуссиатә клуб иалахәылацәоуп Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ахаҭарнакцәа, ауаажәларратәи аҿартәи еилакқәа, аҟазаратәи аҭҵаарадырратәи хеидкылақәеи уҳәа."Аԥсуареи абиԥарақәа рдиалоги" захьӡу аиԥылараҟны алкаа ҟаҵан ауаҩышәара, аамсҭашәара, алеишәа, аҟазшьа, апсихологиа, ауаҩы иеилкаара, убызшәа анаҩс егьырҭ узлареиԥшым амилаҭтә хаҿра гәылыршәаны ахымҩаԥгашьа уазҳәо, аԥҟарақәа уеилзыркаауа аԥсуара маҭәарны аҿар ирызнагазарц."…Ари (Аԥсуара азы - азгә.) амилаҭтә хаҿра акәзар, зқьышықәсала еиқәырханы динк аҳасабала ҳара-ҳара иаҳа ҳала хызтуаз, аш хымкәа, ламысла ҳҟазҵоз азҵаара иахьа иҿыцҳаҳараӡа ицәырганы, насгьы уи зынӡаск имыӡырц азы маҭәарк аҳасабала ахәыҷбаҳчаҿы, ашкол аҿы, досу иқәратә категориа иаҵанакуа амаҭәар алагалара ауп хықәкы хадас иҟоу", - иҳәеит Ашәба.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/15/1040406512_177:0:2908:2048_1920x0_80_0_0_4ee4e55c48ba50ab3220ce1b2169a960.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба "Аԥсуара" маҭәарк аҳасабала аҿар рызнагара иазкны
"Аԥсуареи абиԥарақәа рдиалоги" захьӡу аиԥылара мҩаԥган Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс адискуссиатә клуб аҟны. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, Аконгресс иреиҳау аилак алахәыла, аҵарауаҩ Арда Ашәба арадио аефир аҿы еиҭеиҳәеит аиԥылара ахықәкы, лкаас иҟаҵаз атәы.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс адискуссиатә клуб иалахәылацәоуп Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ахаҭарнакцәа, ауаажәларратәи аҿартәи еилакқәа, аҟазаратәи аҭҵаарадырратәи хеидкылақәеи уҳәа.
"Аԥсуареи абиԥарақәа рдиалоги" захьӡу аиԥылараҟны алкаа ҟаҵан ауаҩышәара, аамсҭашәара, алеишәа, аҟазшьа, апсихологиа, ауаҩы иеилкаара, убызшәа анаҩс егьырҭ узлареиԥшым амилаҭтә хаҿра гәылыршәаны ахымҩаԥгашьа уазҳәо, аԥҟарақәа уеилзыркаауа аԥсуара маҭәарны аҿар ирызнагазарц.
"…Ари (Аԥсуара азы - азгә.) амилаҭтә хаҿра акәзар, зқьышықәсала еиқәырханы динк аҳасабала ҳара-ҳара иаҳа ҳала хызтуаз, аш хымкәа, ламысла ҳҟазҵоз азҵаара иахьа иҿыцҳаҳараӡа ицәырганы, насгьы уи зынӡаск имыӡырц азы маҭәарк аҳасабала ахәыҷбаҳчаҿы, ашкол аҿы, досу иқәратә категориа иаҵанакуа амаҭәар алагалара ауп хықәкы хадас иҟоу", - иҳәеит Ашәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.