Аԥсны

Ақәаршыҩқәа Мгәыӡырхәа амҩақәа ықәрыӡәӡәааит

Мгәыӡырхәа ақыҭантәи амҩақәа реиҭашьақәыргылара иақәхарџьтәхоит 250-300 нызқь мааҭ аԥара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан ақәаршыҩқәа ирхырҟьаны х-километрак рҟынӡа амҩақәа ԥхасҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Беслан Агрба.

"Есышықәса ари проблеманы иҳамоуп. Аамҭа-аамҭала амҩақәа рҭыԥ иқәаҳҵоит. Уажәазы иааидкыланы х-километрак рҟынӡа амҩақәа ҟаҵатәуп. Аиҳарак ауадаҩра амоуп ареспубликатә мҩаду аҟынтәи ақыҭахь узго амҩа. Анцәа иџьшьаны иҟоуп ахыкәшамҩа. Амашьына хәыҷқәа змоу уахь ала иныҟәоит", - иҳәеит иара.

Агрба излеиԥхьаӡаз ала, аремонт азы иаҭаххоит 30 - 40 машьына абӷанҷ. Атехника аусурагьы налаҵаны 250-300 нызқьҟа аԥара ақәхарџьтәхоит.
Ахарџьқәа ирыҵагылоит Гәдоуҭа араион ахадара.
Агрба иҳәеит сынтәа ишӡысаамҭахаз. Аҵыхәтәантәи ақәаршыҩқәа амҩақәа шықәрыӡәӡәааз.
Аԥсны
Ақәаршҩы илеиз иахҟьаны Кәтол ақыҭа ацҳа ҵныӡәӡәааит