https://sputnik-abkhazia.info/20220728/aarshya-mgyyrkha-amaa-yryaait-1040577576.html
Ақәаршыҩқәа Мгәыӡырхәа амҩақәа ықәрыӡәӡәааит
Ақәаршыҩқәа Мгәыӡырхәа амҩақәа ықәрыӡәӡәааит
Sputnik Аҧсны
Мгәыӡырхәа ақыҭантәи амҩақәа реиҭашьақәыргылара иақәхарџьтәхоит 250-300 нызқь мааҭ аԥара. 28.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-28T18:25+0300
2022-07-28T18:25+0300
2022-07-28T18:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/02/1033142745_0:0:3638:2046_1920x0_80_0_0_4f3ca5f241cbd68d15280a7eeef5ef6c.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан ақәаршыҩқәа ирхырҟьаны х-километрак рҟынӡа амҩақәа ԥхасҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Беслан Агрба.Агрба излеиԥхьаӡаз ала, аремонт азы иаҭаххоит 30 - 40 машьына абӷанҷ. Атехника аусурагьы налаҵаны 250-300 нызқьҟа аԥара ақәхарџьтәхоит.Ахарџьқәа ирыҵагылоит Гәдоуҭа араион ахадара.Агрба иҳәеит сынтәа ишӡысаамҭахаз. Аҵыхәтәантәи ақәаршыҩқәа амҩақәа шықәрыӡәӡәааз.
https://sputnik-abkhazia.info/20220724/aarshy-ileiz-iakhany-ktol-aya-atsa-nyaait-1040482341.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/02/1033142745_858:0:3589:2048_1920x0_80_0_0_df9e4ce15b91689249ee25c7aa440818.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ақәаршыҩқәа Мгәыӡырхәа амҩақәа ықәрыӡәӡәааит
Мгәыӡырхәа ақыҭантәи амҩақәа реиҭашьақәыргылара иақәхарџьтәхоит 250-300 нызқь мааҭ аԥара.
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан ақәаршыҩқәа ирхырҟьаны х-километрак рҟынӡа амҩақәа ԥхасҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Беслан Агрба.
"Есышықәса ари проблеманы иҳамоуп. Аамҭа-аамҭала амҩақәа рҭыԥ иқәаҳҵоит. Уажәазы иааидкыланы х-километрак рҟынӡа амҩақәа ҟаҵатәуп. Аиҳарак ауадаҩра амоуп ареспубликатә мҩаду аҟынтәи ақыҭахь узго амҩа. Анцәа иџьшьаны иҟоуп ахыкәшамҩа. Амашьына хәыҷқәа змоу уахь ала иныҟәоит", - иҳәеит иара.
Агрба излеиԥхьаӡаз ала, аремонт азы иаҭаххоит 30 - 40 машьына абӷанҷ. Атехника аусурагьы налаҵаны 250-300 нызқьҟа аԥара ақәхарџьтәхоит.
Ахарџьқәа ирыҵагылоит Гәдоуҭа араион ахадара.
Агрба иҳәеит сынтәа ишӡысаамҭахаз. Аҵыхәтәантәи ақәаршыҩқәа амҩақәа шықәрыӡәӡәааз.