Аԥсны

Аԥсны атерапевт хада аепидҭагылазаашьа ахәшьара алҭеит

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла ԥхынгәы 19-25 рыҩнуҵҟа ареспубликаҿ 38 коронавирус хҭыс аарԥшуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Аԥсны акоронавирустә инфекциа шьҭыҵраны иҟоуп, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла акоронавирус здырбало апациентцәа реиҳараҩык абӷахьаа, ашоура, ахыхь рымоуп. Ашоура змоу хымԥада ПЦР-тест арҭоит.

Арҷелиаԥҳа иазгәалҭеит уажәазы аӡәгьы ачымазара хьанҭаны ишидбалам. Аиҳарак апациентцәа амбулатортә хәышәтәра иахысуеит.
"Ковид "иааит-ицеит" ҳәа агәыгәҭажьра иашам. Уаанӡатәи аҭагылазаашьақәа раан омикрон змаз жәамш рышьҭахь рыԥсыԥ лагаҩагара каҳаны, ррыԥҳақәа 50% ааха анрымаз ыҟан. Егьа ухы бзианы иубозаргьы ПЦР аҭатәуп. Аҿкы алаурҵәар ауеит, уи шьҭызкааз изы ихьанҭахар ҟалоит", - лҳәеит лара.
Атерапевт лажәақәа рыла акоронавирус Аԥсны аҟазаара аамҭала иара изныкымкәа изыхьыз апациентцәа аиммунитет шьҭыркааит. Урҭ ацәеижьҿагыларацәа рымоуп. Иҟалоит зынӡа ичмазаҩымхаргьы.
Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа
Еиуеиԥшым ачымазарақәа зцәа иалоу ауаа, Арҷелиаԥҳа ирабжьылгоит, рхы рыхьчаларц, асабрадақәа ныҟәыргаларц.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны иҳәеит, Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишышьҭо 11-ҩык ачымазцәа, урҭ рахьынтә ԥшьҩык хара имгакәа ишылырҩаауа.
Уаанӡа Быҭәба иҳәахьан акоронавирус еиҭахынҳәит, ареспублика араионқәа зегьы рҿы ПЦР-анализқәа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа аартуп ҳәа. Аҟәа ҩ-ҭыԥк ыҟоуп- ахәыҷтәы поликлиникеи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи рҿы.
Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыло алаҵа аагаразы азыҳәа ҟанаҵеит. Алаҵа ҟаҵалатәуп шықәсыбжак ахь знык.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра атәылауаа Урыстәыла рыхәшәтәразы 50 млн мааҭ рзоунашьҭхьеит