Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистрра атәылауаа Урыстәыла рыхәшәтәразы 50 млн мааҭ рзоунашьҭхьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБольница в городе Ткуарчал после ремонта
Больница в городе Ткуарчал после ремонта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2022
Анапаҵаҩра
Ачымазаҩ урыстәылатәи аклиникахь ииагаразы Аԥснытәи ахәшәтәырҭаҟынтә алҩаа ицзароуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашықәс ҳааҭалазар, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ҳуааԥсыра Урыстәыла рыхәшәтәразы 50 миллион мааҭ рзоунашьҭхьеит, абри атәы иҳәеит аминистр Едуард Быҭәба, Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо.
"Аԥсны аҵакыраҿы ацхыраара зауа апациентцәа шырацәоугьы, иҟоуп ареспублика анҭыҵтәи ахәшәтәырҭақәа рҟны ахәшәтәра зҭаху. Уи азы ҳусеицура ҳарӷәӷәоит - Краснодар ақалақь актәи атәылаҿацәтә клиника, Шәача 4-тәи ахәшәтәырҭа, Краснодартәи атәылаҿацә акьыбачымазаратә центрқәа, иара убас Москвеи Санкт-Петербурги рцентр дуқәеи ҳареи", - еиҭеиҳәоит аминистр.
Быҭәба иҳәеит агәы-шьадатә аганахьала аҽыхәшәтәра зҭаху апациентцәа реиҳараҩык Очаповски ихьӡ зху Краснодартәи актәи атәылаҿацәтә хәшәтәырҭахь ишырышьҭуа.
Быҭәба иазгәеиҭеит, асанитартә авиациа ахархәаралагьы аинырра шрыбжьоу, аиҳарак ирлас ацхыраара рыҭара анхымԥадатәиу.
Ачымазаҩ урыстәылатәи аклиникахь ииагаразы Аԥснытәи ахәшәтәырҭаҟынтә алҩаа ицзароуп. Аҳақьымцәа ашәҟәқәа анроулак ашьҭахь аилацәажәара мҩаԥыргоит, ачымазаҩ идкыларазы аамҭеи амши азгәарҭоит.
"Иҟоуп зхала уахь инеины, уа аҳақьымцәа ирацәажәо, урҭ нас ҳминистррахь азыҳәа аарышьҭуеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа ҟамларц азы заанаҵы аҭаххарақәа ҳрылацәажәоит, идеилҳаркаауеит. 100% иҳадҵаало ҳзырмыцхраауазаргьы иҳалшо ҟаҳҵоит", - иҳәеит аминистр.
Ареспубликахь ахәыҷтәы церебралтә дабла (ДЦП), абӷа-жьышә лыԥсаара (СМА) змоу ахәыҷқәа рыҭҵааразы урыстәылатәи аклиника дуқәа рҟазауаа Аԥсныҟа рааразы аицәажәарақәа шцо, иҳәеит Быҭәба.
Вакцинация против гриппа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Адунеи аҿы зегь раасҭа зыхә дуу ахәшә "Золгенсма" официалла Урыстәыла ицәырҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0