Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лариса Долина акциа "Иреиӷьу аибашьцәа" лхы алалырхәит

Ари акциа рҽаладырхәхьеит еицырдыруа акультура, аспорт, аҭҵаарадырра русзуҩцәа. Дара арратә операциа ҷыда аан ахәра зауз аибашьцәа рзы аконцертқәа мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Академик Бурденко ихьӡ зху арратә госпиталь аҿы Украина арратә операциа ҷыда иалахәыз урыстәылатәи аррамаҵзурауаа рзы ашәаҳәаҩ Лариса Долина дықәгылеит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Ҳгәы шәыладууп... ҳаԥсадгьыл, адунеи зегьы аҿы шәара шәҩызцәа рыҟазаара аҵакы еилнакаауеит. Анасыԥи агәабзиареи шәымаз. Ишәзеиӷьасшьоит агәырӷьара, агәыхәтәыхьӡара", - лҳәеит ашәаҳәаҩ.

Арҿиаратә хәылԥаз ашьҭахь Долина зҽызхәышәтәуа аибашьцәа дрыҿцәажәеит, иҭабуп ҳәа ралҳәеит рфырхаҵараз. Иара убасгьы ирыдылныҳәалеит Урыстәыла Арра-мшынтә флот Амш.
Асоциал-культуратә акциа "Иреиӷьу аибашьцәа рзы" мҩаԥыргоит ахәрақәа зауз аибашьцәа адгылара рыҭара хықәкны иҟаҵаны.
Акциа иалахәхахьеит Сергеи Безруков, Екатерина Гусева, Михаил Шуфутински уҳәа егьырҭгьы.
Лариса Долина – Урыстәыла жәлар рартистка, хынтә урыстәылатәи амилаҭтә музыкатә ԥхьахә "Овация" (1994, 1996, 1997) ланашьахахьеит. Апартиа "Иаку Урыстәыла" далахәылоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Сергеи Безруков Екатеринбург агоспиталь аҟны ихәу аруаа дырҭааит