Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Сергеи Безруков Екатеринбург агоспиталь аҟны ихәу аруаа дырҭааит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСъемки фильма "Пушкин. Виски. Рок-н-ролл"
Съемки фильма Пушкин. Виски. Рок-н-ролл - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2022
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа актиор далахәхеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра акциа "Иреиӷьу адунеи аибашьцәа", уи азкуп арратә операциа ҷыдаан аахақәа зауны агоспитальқәа ирҭоу аибашьцәа ргәы азҭаҵара.
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Урыстәылатәи актиор, ашәаҳәаҩ Сергеи Безруков Агәҭантәи арратә округ иатәу агоспиталь аҟны аҽыхәшәтәра иаҿу аруаа дырҭааит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Артист аруаа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, иаарласны ишьақәгыланы руалԥшьақәа ирзыхынҳәырц. Иара акымкәа апатриотизм зныԥшуа ашәақәа рзиҳәеит, акино аҟны зроль наигӡахьаз Владимир Высоцки иажәеинраалақәа дырзаԥхьеит.
Аконцерт ахыркәшамҭаз Безруков инапынҵамҭа агитараҿы ианиҵеит, иара иаԥхьа агоспиталь иаҭаахьаз артистцәа зегь реиԥш.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәшәтәырҭақәа рҿы ахәцәа рҿаԥхьа Сергеи Безруков идагьы иқәгылахьеит акультура, аҭҵаарадырра, аспорт аҟазауаа - Евгени Петросиан, Екатерина Гусева, Михаил Шуфутински, Олег Рои уҳәа назлоу. Урҭ рықәгыларақәа азкуп арратә операциа ҷыдаан аахақәа зауны агоспитальқәа ирҭоу аибашьцәа ргәы азҭаҵара.
Юбилейный вечер художественного руководителя театра Шалом А.Левенбука - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Евгени Петросиан агоспиталь иҭоу аоперациа ҷыда иалахәу аруаа рҿаԥхьа дықәгылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0