Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар аицҭырҟьаратә ракетақәа "HIMARS" ҩ-цырак Харьков иҭадырхеит

Урыстәылатәи ар Украина арратә хыбрақәа ааха шрырҭац ирырҭоит, иршьаҟьоит арратә техника, аинфраструктура, ар.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Урыстәылатәи ар аицҭырҟьаратә ракетақәа "HIMARS" ҩ-цырак Харьков иҭадырхеит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иара убас аусбарҭа адырра ҟанаҵоит 53 украинатә амилаҭеилыхҩцәеи аҳәаанырцә қьыреибашьцәеи шҭархо.
Урыстәыла АКМ Харьков иахьаҵанакуаз аамҭала игылаз 92-тәи амеханизациа зызуу абригада ааха арҭеит. Иҭархоуп 200-ҩык амилаҭеилыхцәеи акәылӡтехникақәа быжьбеи.
Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит, ацәыӡқәа ахьырацәо иахҟьаны УАМ 93-тәи амеханизациа зызуу абригадеи 128-тәи ашьха-жәыларатә бригадеи рыруаа хыԥхьаӡара рацәала рабџьар кажьны ибналоит.
Аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракета-артиллериатәи ари уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа иқәырцҟьааит ДЖәР аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, Днепропетровсктәи аобласт аҿы УАМ ари атехникеи былтәыла реиқәыршәарҭақәа рцентри, иара убас 239 раион рҿы аӷа ири итехникеи ааха рыҭан.
Одессатәи аобласт аҿы ааха аҭоуп америкатәи аӷбаҿагыларатә ракетатә комплекс "Harpoon" аҭырҟьагатә шьақәгыла. ДЖәР аҿы ааха рыҭоуп УАМ артиллериатә батареиа, РСЗО "Град" авзводқәа ааба, артиллериатәии аминаршәгатәии взводқәа фба аиланхарҭақәа Сухаиа Балка, Петровское, Водианое, Тоненькое, Курдиумовка рҿы.
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәаба ДЖәР, Запорожиатәии Харьковтәии аобластқәа рҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирплан Севастополь Амшынеиқәатә флот аштаб иеихсит