Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа абаталион "Азов" атеррористтә еиҿкаароуп ҳәа азханаҵеит

"Азов" аибашьцәа рганахьала аекстремизми ақьырауаҩреи ахәҭаҷқәа рыла ашьауӷатә усқәа хацдыркхьан Урыстәыла.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа рбаталион "Азов" атеррористтә еиҿкаароуп ҳәа азханаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Абаталион "Азов" атеррористә еиҿкаароуп ҳәа иԥхьаӡаны Урыстәыла аусуразы азин ԥкызааит", - аҳәоит аӡбамҭа.
Аӡбарҭа аилатәара аиҳарак АИХ-қәа рхаҭарнакцәа рыда имҩаԥысуан, избанзар, уаҟа ицәыргаз аматериалқәа "маӡан".
Аха ажурналистцәа аусдырыҩцәа рҿахәхыхра иалахәын. Абаталион алахәылацәа хараны ирыдырҵоит арратә цәгьоура, анхарҭатә ҩнқәа реихсра, Украина инхо аурысцәа рыршәара.
Аӡбарҭа аӡбамҭа анаднакылалак ашьҭахь дара атеррористтә еиҿкаара иалахәылоуп ҳәа ахара рыдҵахар алшоит. Аха убри аан азакәан ишарбо ала, ашьаусԥшаара иалагаанӡа хатәгәаԥхарала абаталион иалҵыз ахьархәра рықәҵахом.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи архәҭақәа Харьков амилаҭеилыхыҩцәа рҭыԥ "Азов"* ндырҵәеит