Аԥсны

Беслан Ешба еиҭеиҳәеит Аҟәа ацәгьоурақәа рганахьала аҭагылазаашьа шыҟоу

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Беслан Ешба еиҭеиҳәеит Аҟәа ацәгьоурақәа рганахьала аҭагылазаашьа шыҟоу атәыла ахада иԥылараан.
Адыррақәа рыла, Аҟәа ААР аҟны аус руеит 165-ҩык, штатла иахәҭоу рҟынтәи 82,95%.
Актәи ашықәсбжазы аҳҭнықалақь аҿы ашәҟәы иҭаҩын 124 цәгьоура, иаарԥшуп 119 (96%).
Ашәҟәы иҭагалоу рҟынтәи ацәгьоура хьанҭақәа – 38 ыҟан, иаарԥшуп 34 (89,5%).
Ииасыз ашықәс абри аамҭазы ашәҟәы иҭагалан 111 цәгьоура, иаарԥшын 101 (90,9%).
"Есыҽнытәи аоперативтә уснагӡатәқәа анаркотикқәа реикәыршара иҵоуроу анырра анаҭеит: иаарԥшуп 32 цәгьоура (2021ш.-27), закәаншьаҭада абџьар амазаара ахҭысқәа 26 аарԥшуп ( 2021ш. – 37)", - иҳәеит Ешба.
Иара иазгәеиҭеит есыҽны амилициа аусзуҩцәа ақалақь араионқәа зегьы рҿы агәаҭаратә реидқәа шымҩаԥырго.
"Иарбоу ауснагӡатәқәа раан 162-ҩык анаркологиатә диспансер ахь агәаҭаразы инаган, 33-ҩык аӡбарҭа аӡбрала 15-30 мшы аҭакра рықәҵан, 59-ҩык ахараԥса дыршәан, хҩык аушьҭын, 54-ҩык ранализ иҵоурам аҭак ҟанаҵеит", - иҳәеит иара.
Ахада иҳәеит аӡбарҭеи аусҭҵаареи ирцәыбнало ахаҿқәа шааныркыло. Аҳасабырба иаҵанакуа аамҭазы хәҩык рыԥшаара рылаҳәоуп, урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ԥшааны иаанкылоуп. Иахьатәи аамҭазы 47-ҩык рышьҭазаара рылаҳәоуп.
Ешба иажәақәа рыла акурорттә сезон иалагазар амилициа русура дырӷәӷәоит аԥсшьаҩцәа рганахь ала ацәгьоурақәа разыԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаарази.
Аԥсны
Анқәаб АҶА анапынҵа риҭеит атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара иазхьаԥшырц
2022 шықәса фымз рыҩнуҵҟа Аҟәа ашәҟәы иҭагалоуп амҩатә машәырқәа хәба- ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит ааҩык аахақәа роуит, ари амашәыр аганахь ала ашьаус хацыркуп. 2021 шықәса абри аамҭазы амҩатә машәырқәа быжьба ыҟан, аӡәы дҭахеит, ааҩык ааха роуит.