Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анқәаб АҶА анапынҵа риҭеит атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара иазхьаԥшырц

© Sputnik / Томас Тхайцук Горные пейзажи Абхазии
Горные пейзажи Абхазии   - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2022
Анапаҵаҩра
Сынтәа Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа ирзыԥшуп, ирекордтәыз ҵыԥхтәи ашықәс азы миллионки бжаки ԥсшьара ҳәа ианааз аасҭагьы еиҳаны.
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа иԥылараан иазгәеиҭеит иааиуа акурорттә сезон аҽазыҟаҵара ишазхәыцтәу. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра анапы ианҵоуп аԥсшьаҩцәа аӡаҿы, ашьхараҿы, атуристтә маршрутқәа рҿы рыԥсшьара ашәарҭадара аиҿкаара.
Иара убасгьы ирылацәажәан АҶА аматериал-техникатә еиқәыршәара, арегионалтә ҟәшақәа рырҿиара, ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи рколлегацәеи дареи агуманитартә усхк ала реинырреи рызҵаарақәа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәыҵниа Тҟәарчалтәи аиқәырхаҩцәа аӡын русура иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәыҵниа Тҟәарчалтәи аиқәырхаҩцәа аӡын русура иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0