Аԥсны

Акриптоферма Очамчыра араион абылтәыҭаҭәарҭаҿ ирыԥшааит

Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалареи амаинингтә фермақәа рзы афымцамч ахархәареи рзин ааныркылеит ашықәс анҵәамҭанӡа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭстандарт атехникеи аенергетикеи рхылаԥшраз адепартамент аусзуҩцәеи Очамчыра араион Баслахә ақыҭан амаининг-ферма аадырԥшит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР.
Ахархәагақәа абылтәыҭаҭәарҭа аҵакыраҿ иқәыргылан. Аоперативтә гәыԥ аннеи аамҭазы аус руан 37 аппарат - 163 кВт зымчхара ыҟаз. ⠀
Акриптоферма аԥшәма Даҭо Зарандиа иганахь ала аԥкаанҵа шьақәдыргылеит закәаншьаҭада афымцамч ахархәараз.
Иқәгоу ахархәагақәа аамҭалатәи аҵәахырҭахь инагоуп.