Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

НАТО аҟынтәи ироуз 45 нызқь тонн аџьаԥҳаны ашьҭаҵарҭа ықәырхит Николаевтәи аобласт аҿы

Урыстәылатәи аруаа Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда иацырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Николаевтәи аобласт аҿы НАТО аҟынтәи ироуз 45 нызқь тонн аџьаԥҳаны ашьҭаҵарҭа ықәырхит, аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Вознесенск араион аҟны иҟаз абџьаршьҭаҵарҭа ԥжәоуп, уаҟа ишьҭан ааигәа НАТО УАМ ианаҭаз 45 нызқь тонн аџьаԥҳаны", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, 173 раион рҿы аруааи арратә техникеи.
Часов Иар ақалақь иацәыхарамкәа урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит зхала иныҟәо ашьақәгыла "Бук-М1", абџьаршьҭаҵарҭақәа хәба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина қьырала еибашьуаз 80-ҩык ҭадырхеит
Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит урыстәылатәи авиациа Артемовск азааигәара иршьаҟьеит украинатәи аруааи акәылӡтехникақәеи.
Уи адагьы, урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа ДЖәР иԥыржәеит аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа "Град", агаубицақәа "Мста-Б" ҩба, артиллериатә гаубицақәа "Гиацинт-Б".