Аԥсны

Очамчыра араион аҿы амаининг-ферма аарԥшуп

Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута арҳаразы аусура азин аанкылоуп афымцаҳақәа ахьажәуи ахьанҭара ахьырзышьҭымхуеи инарыдҳәаланы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан азинхьчаратә усбарҭақәа иаадырԥшит закәаншьаҭада аус зуаз акриптоферма, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
44 аппарат ықәганы аҵәахырҭа ҷыдахь инаган.
Акриптоферма Асҭамыр Цулукьиа инхарҭаҿы игылан, уи иганахь ала закәаншьаҭада афымцамч ахархәараз аԥкаанҵа шьақәдыргылеит.
Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута амаининг азин ҟаҵам 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 аҟынӡа афымцаҳақәа ахьажәуи ахьанҭара ахьырзышьҭымхуеи инарыдҳәаланы.
Уаанӡа Аԥсны астандартқәеи, ахархәаратәии атехникатәии хылаԥшразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа аҳәамҭа ҟаиҵахьан, 2021 шықәса жәабранмзаахыс ишаарԥшу 6872 аппарат, 138 ус аӡбарҭахь ишынашьҭу. Азеиԥш хараԥса 12,5 миллион мааҭ инаӡоит, урҭ рҟынтәи 5,5 миллион мааҭ ршәахьеит.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны афымцамч аамҭа уадаҩ иҭагылоуп