Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: Аԥсны афымцамч аамҭа уадаҩ иҭагылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухум ПС-2
Сухум ПС-2 - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аихшаратә фымцатә цәаҳәақәа ражәреи реиҭарҿыцраз алшарақәа ахьыҟами ирыхҟьаны афымцамч азымхара аныԥшуеит.
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аԥсны афымцамч аусхк аамҭа уадаҩ иҭагылоуп. абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу азҭаз ареспублика ахада Аслан Бжьаниа.
"Ауадаҩрақәа рҽеиздыркәкәеит. Еиуеиԥшым аобиективтәии асубиективтәии мзызқәа ирыхҟьаны анапхгаратә ӡбарақәа ҟаҵамызт. Уажәы апроблема духеит. Урыстәыла ацхыраара ҳанаҭоит. Убас ииасыз ашықәс азы ацхыраара хнырҳәрадатә ҟазшьан иамаз. Аха ари еснагь ус иҟалашам. Убри азы уажәы Урыстәыла адгылара ҳақәгәыӷуа афымцамч апроблема ҩ-напыкла иаҳкуп", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иҳәеит ишазырхио афымцамч акризис алгаразы амҩатә хсаалага, аус шадуло атарифтә политика ҿыц, ахархәара зҭоу афымцамч аҭаҩгақәа рықәыргылара апрограмма.
"Ари акраҵанакуеит, избанзар ҳԥышәа иаҳнарбеит арҭ аҭаҩгақәа ахьықәгыло аԥареизгара шеиҳау. Апрограмма ахә мариам, аха аԥаразоужьратә ҵаҵӷәқәа ирызхәыцуп. Абраҟагь Урыстәыла ҳацхраауеит. Хышықәса рыҩныҵҟа апрограмма аларҵәахароуп", – иҳәеит Бжьаниа.
Вице-премьер Кристина Озган провела две рабочие встречи в Министерстве энергетики РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2022
Аԥсны
Урыстәыла аенергетика аминистрраҟны Аԥсны афымцамч азымхареи абылтәы ахәԥсеи ирылацәажәеит
Иара иазгәеиҭеит афымцамчнхамҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара шаҭаху.
"Ахархәаратә аамҭақәа зегьы ахыԥахьеит. Ахархәагақәа реиҳарак 60-70-тәи ашықәсқәа ирыҵаркуеит. Ари апроблема аԥыжәара аҭаны ҳахәаԥшуеит", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжьаниа иҳәеит ҳтәылаҟны иҳәынҭқарратәым афымцарҿиаратә наплакқәа рцәырҵра шалшо.
"Асеиԥш иҟоу апроектқәа мҩаԥызгар зҭаху абизнесуаа ҟалар – адгылара раҳҭон", - иҳәеит иара.
Ареспублика ахада усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит ԥхынгәы 27 рзы. Бжьаниа Москва дырԥылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ. Аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0