Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳаирпланқәа Украина авертолиот Ми-24 карыжьит

Украина имҩаԥырго арратә операциа аан урыстәылатәи аруаа иҭадырхоит арратә мчқәа, арратә инфраструктура, арратә техника.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. Урыстәылатәи авиациа украинатәи авертолиот Ми-24 карыжьит Днепропетровтәи аобласт аҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы урыстәылатәи ПВОқәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьба Харьковтәи аобласт аҿы, рыԥырра еиԥырҟьоуп ареактив-еицҭырҟьаратә системақәа рыхгәыцәқәа ԥшьба Лисичанск иахьаҵанакуа.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатәии артиллериатәии ар иҭадырхеит абригадатәии абаталионтәии звеноқәа рнапхгараҭарҭақәа ҩажәа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ааба, аракета-артиллериатә бџьар ашьҭаҵарҭақәа ҩба, азенит-ракетатә комплекс С-300 ахқәырԥшыга, 264 раион рҿы аӷа ир, итехника ҷыда.
Шьаҭанкыла иқәыцҟьаауп ареактив-еицҭырҟьаратә система "Град" авзводқәа хԥа, артиллериатә шьақәгылақәа "Акациа" авзводқәа хԥа, агаубицақәа Д-30 авзводқәа ҩба.
Атәылахьчара аминистрра иаанацҳауеит ажәыларақәа ирылҵшәаны ишықәыцҟьааз амеханизациа зызуу 14-тәии 66-тәии абригадақәа реилазаара аиҳараҩык.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина иҭадырхеит Германиантәи иаашьҭыз аибашьыгатә машьына "Гепард"