Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Украина иҭадырхеит Германиантәи иаашьҭыз аибашьыгатә машьына "Гепард"

© Sputnik / Валентин Капустин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАэродром базирования ВКС РФ в зоне проведения спецоперации
Аэродром базирования ВКС РФ в зоне проведения спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2022
Анапаҵаҩра
Мраҭашәаратәи атәылақәа иаартны Урыстәыла иаҿагылом, аха киевтәи арежим бџьарлеи џьаԥҳанылеи еиқәдыршәоит.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Украина иҭадырхеит Германиантәи иаашьҭыз азенит-ракетатә комплекс "Гепард", ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Уи адагьы ДЖәР ақалақь Краматорск ааигәара иҭархоуп украинатәи азенит-ракетатә комплекс С-300 аҭырҟьага шьақәгыла", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Зынӡа аоператив-тактикатә арратә авиациеи, аракетатәии артиллериатәии ар уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хәбеи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа быжьбеи.
Ааха рыҭан ареактив еицҭырҟьаратә системақәа "Град" авзводқәа ҩба, Д-20 артиллериатә взводқәа ҩба, агаубицақәа Д-30 авзводқәа ҩба.
Урыстәылатәи авиациа икарыжьит аҳаирпланқәа - Су-25, МиГ-29, Су-27.
Учения ЮВО в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2022
Урыстәылатәи ар украинатәи аҳаирмчқәа ркомандаҟаҵаратә ҭыԥ ықәрыцҟьеит
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 9, абаллистикатә ракетақәа 2, "HIMARS" ахгәыцәқәа 7, ареактив еицҭырҟьаратә система "Смерч" ахгәыцәқәа 4.
Кылкааратә хысрала иқәыцҟьаан 54-тәи амеханизациа зызуу абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа. Украинатәи аган иацәыӡит 30-ҩык аруаа, 6 000 артиллериатә хгәыцәи аминақәеи, автомабилтә техника 7 ак.
УАМ 93-тәи амеханизациа зызуу абригада аамҭалатәи агыларҭа ианажәла шәҩык рҟынӡа амилаҭеилыхцәа ҭархан, иқәхын ҩеижәа ак арратә техника. 56-тәи амотошьаҟатә бригада – 70% аилазаара ҭархоуп, уи алагьы аибашьратә лшара ацәыӡит.
Митинг батальона Айдар у Минобороны Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи амилаҭбаталион "Кракен" аибашьратә лшара ацәыӡит
Ажәабжьқәа зегьы
0