Аԥсны

Аԥкрақәа зцу азинҟаҵара: ианбаадыртуеи Аԥсны ашәарыцаратә сезон

Аԥсны рышьҭашәарыцара ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ирыдкылоу аусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны ашәарыцаратә сезон аартхоит нанҳәа 13 инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи реилазаараҿы.
Ишьақәыргылоу аԥҟарала, традициа ҳасабла аӡәы ҽнактәи ишәырацырамшы азы 20 ача еиҳаны ашьра азин имаӡам.
Акәатақәа ракәзар, рышьра ҟалоит цәыббра 14 инаркны хәажәкыра 15 рҟынӡа, абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа – жьҭаара 1 инаркны ажьырныҳәа 15 рҟынӡа, уи адагьы, ацаблыкь ашьра ҟалоит жьҭаара 5 инаркны ԥхынҷкәын 25 рҟынӡа.
Амаҭәеи ашьаҵеи: ашәарыцараан, мамзаргьы ашьха ианхало рыҽшеиларҳәо
Шәарыцарамшык ала хә-ԥсаатәк рыда рышьра ҟалом.
Ареспубликаҿ ашәарыцаратә сезон хыркәшахоит 2023 шықәса хәажәкыра 15 рзы.
Аԥсны рышьҭашәарыцара ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа. Иара убасгьы ашәарыцара ҟалом аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа, ааглыхратә зонақәа рҟны, ақалақьқәа рыкәша-мыкәша х-километрак иахьаҵанакуа.
Ашәарыцаҩ данҭыҵуа имазароуп хы-шәҟәык: Ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи реилазаараҟынтәи ашәарыцаратә билеҭ, ашәақь аныҟәгаразы Аԥсны ААР аҟынтәи аршаҳаҭга, иара убас аҳәынҭбаџь шшәоу азы алицензиа.
Арадио
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Қәҭарба ашәарыцара акультура иазкны