Амаҭәеи ашьаҵеи: ашәарыцараан, мамзаргьы ашьха ианхало рыҽшеиларҳәо

© Foto / Адгәыр ГәынбаАшьхацамҩа
Ашьхацамҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа традициатә маҭәақәа реихшашьа атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуа традициатә маҭәақәа рҽеихыршоит абжьааԥнытәи (есыҽны иршәырҵо), аныҳәақәа раан иршәырҵо, аритуалтә ҟазшьа змоу. Амаҭәа злырхуаз ауапцәа, акәмызцәа, аш, абырфын, абамба ракәын. Аҭаацәа зегьы рхы инаркны ршьапаҟынӡа еилазҳәозгьы аԥшәмаԥҳәыс лнапы иҟанаҵоз акәын.
Горы Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Умыцәҳан, уҽхыумтын, баша умхысын, иумжәын: ашьхараҿ ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа
Аԥсуаа рымаҭәақәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирызкны иманшәаланы еиқәыршәан. Иаҳҳәап, аҽықәтәараан иршәырҵоз амаҭәа хазын, ахьча имаҭәа, мамзаргьы ашьха ихало ауаҩы имаҭәа абжьааԥнытәи еиԥшмызт. Ауаҩы еилаҳәалашьала иарбан социалтә статусс имоугьы алоудыруа дыҟан.
Абжьааԥназы ауапақәа ауны ирӡахуазҭгьы, ашәарыцараан, мамзаргьы ахьшьцәа ашьха ианхалоз ауапа кьаҿқәа рзырӡахуан, ршьамхы маҷк илахысуа. Аӡынра, амшқәа аныцәгьаз акәахьча рыбӷа иакәдыршон (рыжәҩахыр инаркны рыбӷаӡара аҟынӡа инаӡо, аҟаитанқәа аҵданы иҿаҳәаны). Даҽакала ари хыхьтәи ашәҵатәы "ауашкәыр" ҳәа ахьӡырҵон ҳәа лыҩуеит аетнограф Е. Малиа.
Ахаҵатәыс акәмызцәа хылԥа, ма акәахьча хылԥа рхарҵон, ауапцәа хылԥагьы анырхарҵоз ыҟан.
Аҟәыӷара, амч, ахьӡ, ахьымӡӷ: ахылԥарч аҵаки ахархәашьеи аԥсуаа рҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2021
Аҟәыӷара, амч, ахьӡ, ахьымӡӷ: ахылԥарч аҵаки ахархәашьеи аԥсуаа рҿы
Ршьапқәа ракәзар, аиқәа ахыхь иашьарҵон ақлаԥад ауқәа, ма аимсы. Ршьамхаҿы ашьамхҭарԥақәа арҭон (ашьамхҭарԥақәа иахьа ахархәара рыманы иуԥылоит асценаҿы акәашацәа еиуеиԥшым атриукқәа анынарыгӡо, аиҳарак шьамхыла ианықәгьежьаауа).
Иара убас ашәарыцара ианцоз иршәырҵоз ацәҩычақәа иреиуоуп ахамы. Уи ацыӷ ацәа иалхны акәын аиҳарак ишыҟарҵоз. Ахамы зшәызҵоз иаҳа зықәра ыҟаз ракәын.
Аӡын ахьчацәа хыхьтәи маҭәаҵас иршәырҵон иара убас агәабанақь ҳәа изышьҭаз ашәҵатәы. Уи аҵаҟа аӡараҭаршә аҵарҵон, ахыхь ауапа кьаҿ, мамзаргьы ахамы. Ас еибыҭаз ашьхауаҩ хьҭеи-ҵааи дырцәыхьчан.
Ашәарыцараан иршәырҵоз амаҭәақәа иреиуан иара убасгьы акәымжә кьаҿ. Аԥхынтәи акәымжә кьаҿи аӡынтәи акәымжә кьаҿи злырхуаз хаз-хазын. Акәымжәы ашәҵара, аныҟәгара аҳаҭыр ду аман. Ус еиԥш иҟаз иныҳәаҿа анныркылозгьы "аԥсуа кәымжә зшәу" ҳәа ацырҵон ҳәа азгәалҭон аҵарауаҩ Е. Малиа.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Аԥсуаа рабџьархкқәак ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа
Ашәарыцаҩцәеи ахьчацәеи иныҟәыргон рымҩаныфа зҭаз амакәан хәыҷы – "ахьаҭра" ҳәа ззырҳәо.
Ирышьарҵоз ашьаҵа – ажәцәеимаа - аџьмацәа иалхны иҟарҵон, насгьы ианныҟәоз имҵәырырц азы асахҭан иалхыз арахәыц жәпақәа рыла ирӡахуан. Ашьха ҟәаԥаҿаԥарақәа рҿы ирышьаз ршьаҵа ахыхь ашәаҩақәа ахарҵон. Уи амҿы иалхны иҟаҵан, ашашәақәа рыла еихданы ашьапҭарԥарҭа аҭаны. Абасала ашьхауаҩ аныҟәараан дзырманшәалаша, ақәеи аси дырцәызыхьчаша цәҩычалеи шьаҵалеи деибыҭан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсуаа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәы аҵаки уи аныҟәгашьеи
"Ашәҵатәқәа зегьы иреиӷьуп аламыс…" – аҳәса рымаҭәа азҵаатәқәа
Ажәабжьқәа зегьы
0