Аԥсны

Машәыршәа акгьы ҟалом: хатәгәаԥхарала иҭахаз ргәалашәара иазкны

Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага нанҳәа 15 рзы Аԥсныҟа иааит раԥхьатәи ахатәгәаԥхаҩцәа ргәыԥ. Зынӡа еибашьуан 2 000-ҩык реиҳа, иҭахеит 299-ҩык. Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы еиҭалҳәоит Мамзышьха иҭахаз Нхыҵ Кавказтәи арԥарцәа рбаҟа раԥхьаӡа дшаҭаази уи иахылҿиаази.
Sputnik
Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш.
Аԥсҭазаараҟны ауаҩы зны-зынла хҭысқәак дрықәшәоит, иааџьеишьаратәы, уимоу иԥсы ахьынӡаҭоу ихамшҭуа. Убас саргьы имаҷымкәа "машәыршәа акгьы ҟалом" ҳәа ззысҳәаша аҭоурыхқәа сымоуп. Руакы, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, уажәы ишәыдызгалоит. Иахьатәи ахатәгәаԥхаҩцәа рымш нанҳәа 15 баша иалсымхӡеит сажәабжь азы. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, 1992 шықәсазы Гагра ақалақь, Мамзышьха аҳаракыраҿы иҭахаз Нхыҵ Кавказтәи арԥарцәа рбаҟа раԥхьаӡакәны сшаҭаази уи иахылҿиаази иазкуп санҵамҭа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра араион ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара хада аԥхьагьы аԥсуа ҷкәынцәа, Нхыҵ Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәа рыцырхрааны ԥшыхәра иҭыҵуан. Амшын аԥшаҳәеи ашьха аҳаракыреи рҟны маӡала иахьынӡазнеиуаз инеины, аӷа итәарҭақәа ҭырҵаауан. Убас, 1992 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы, Мамзышьхала, ԥхьаҟатәи ажәылара иацхрааша акы шԥеилаҳамкаари ҳәа ахәыҳаракыраҿы ҳаҷкәынцәа штәаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара ӷәӷәа рырҭеит. Уи амш аҽны уаҟа иҭахеит аҟабарда ҷкәынцәа Нургали Канукови, Ибрагим Науржанови, дҵаҟаҵаҩыс ирымаз Валери Смыри. Наҟ-наҟ ари аҭыԥ аҟны ишьақәыргылахеит аиҩызцәа рзеиԥш баҟа.
Аҟабарда ҷкәынцәа Нургали Канукови, Ибрагим Науржанови, Ҳасан Алхасови, дҵаҟаҵаҩыс ирымаз Валери Смыри рбаҟа
2000 шықәса алагамҭазы Гагра уиаҟара атуристцәа ыҟамызт аха аӡәык-ҩыџьак улаԥш иҵашәон. Усҟантәи аамҭазы Аԥсны аҭыԥԥшӡарақәа рҭаарагьы мариамызт, атранспорт маҷын, атуристтә фирмақәагьы ыҟаны ҳәа сыздыруам. Исгәалашәоит, ҳгәылацәа Чуазаа ԥсшьаҩцәақәак анрыднагала, "ҳабацари, иҳабжьажәгои" ҳәа ианразҵаа, "Мамзышьха анаԥшырҭатә дәы аҟынӡа шәназгоит, уаҳа акагьы сылымшаргьы" ҳәа нараҭеикит аԥшәма Алик Чуаз. Иԥҳа Адицеи сареи Мамзышьха ҳхамлакәа ҳаҟан азы, аҳәара иаҳҭеит аԥсшьаҩцәа игозар ҳаргьы ҳрыццарц.
Абри адгьыл аҿы ашьа камшразы
Ус амҩа ҳақәлеит. Шәаԥыџьаԥла ибеиаз ҳашьха убла хнакуан, насгьы ахәыҳаракырантәи ақалақь унапсыргәыҵа иқәгылоушәа иҳамбози, уигьы ҳаршанхон. Атуристцәа раасҭагьы ҳара еиҳа ҳгәырӷьон.
Анаԥшырҭатә дәы аҟынтә ҳазхара ҳнаԥшааԥшны, аҩныҟа ҳдәықәлоит ҳәа амашьынахь ҳаннеи, Алик Чуаз "аранӡа сааины абаҟаҿы ҭаҭынк смахакәа сзылбаауам" иҳәеит. Еицқәаз уамашәа иаабеит абас ақалақь иалганы ижыда, мамзаргьы збаҟа шьақәыргылада ҳәа.
"Аибашьраан исывыршьааз сҩызцәа ара ихарамкәа рбаҟа гылоуп", - аниҳәа, ҿымҭӡакәа амашьына ҳҭатәан, ҳгәы хыҭхыҭуа ҳаԥхьаҟа ҳаԥшуа ҳнатәеит.
Ус, Мамзышьхахь ухазгало амҩа авараҿы, зхы-зҿы еихаччоз хҩык арԥарцәа рбаҟа ҳнадгылеит. Урҭ рфотосахьақәа ахаҳә ишаларсазгьы, саԥхьа игылашәа исзааиуан. Валери Смыр 32 шықәса шихыҵуаз арбан абаҟаҿы, аха егьырҭ аҩыџьа Нургали Канукови Ибрагим Науржанови аарла ҩажәа ирхыҳәҳәон ҳәа агәаанагара соуит ианииз ашықәс шҩымызгьы. Аҷкәынцәа абас лахьынҵас иахьроуз сгәы снархьит сҳәар, акагьы сымҳәеит ауп иаанаго...
- ... Саида, баниз арыцхә иарбану?
- Быжьба!
- Саргьы быжьба рзы синдаз, сыԥсы ҭазаауан!
- Сбыҳәоит, ԥсроума, чароума, ианакәхалагьы, арахь банхало ачамчамытеи арыжәтә хаа "крем содеи" сзаага, цәгьа сеилаҳауеит…
...Ахылаԥарч зхаз, зуапа лахьхьынӡа илашьҭыз ани абаҟа ианыз арԥыс Нургали Кануков сымҩа еихҵәаны дгылан сыҩны азааигәара...
...Ацәа салҵны сшааԥшызгьы, ихы-иҿы цқьаӡа џьаргьы ицомызт...
Иҵит хәышықәса, сгәылацәа Барцыцаа ачара руан. Ахәылбыҽха еидтәалаз аҿар Мамзышьха ҳхалап ҳәа неибаҳҳәеит. Усҟантәи амш аахыс уахь имцацыз, "маҷк шәаазсыԥшы" ҳәа нарасҳәан сымҩанызацәа, аҩны снеины ачамчамытақәа зӡит, иаасхәеит арыжәтә хаа "крем сода". Амашьына санҭатәоз, "Саида, афҩы хааӡа иаабгеи?" ҳәа сыхҭаркит исыцыз. "Нас ижәбап, шәаала" ҳәа нарасҳәан, Мамзышьха анаԥшырҭатә дәы аҟынӡа ҳнаӡеит.
Арадио
Ҳагԥҳа хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызкны: имҭахандаз ҳәа ҳрыхӡыӡаауан
Амашьына аԥсҟы зкыз, "суҳәоит, маҷк аҩада ҳхалап, убра баҟак ыҟоуп, сымнеир ҟалом, хәышықәса ҵуеит сыгәҭакы назыгӡар сҭахыуижьҭеи, мап сцәыумкын" сҳәан, сажәа ҩбамтәкәа, егьырҭ иҳацызгьы шьҭахьҟа инҭатәан, ҳҿынаҳхеит аҷкәынцәа рбаҟаҟынӡа. Даргьы уаанӡа сара сеиԥш ирымбацкәа иҟан ари аҭыԥ. Хәышықәса раԥхьа арантәи санылбаа ауха избаз аԥхыӡ атәгьы игәаӷьны ирзеиҭасҳәеит, амала "иахьа уажәраанӡа бзымаацзеи" ҳәа исаҽԥнырҳәеит, ииашангьы иҟарҵеит. Аха зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп. Саргьы мзызқәак срыхҟьазар акәхарын. "Ԥсроума, чароума" имҳәаз сыԥхыӡ аҟны, ус иагьыҟалеит. Сгәылацәа рчара иақәшәеит ари амш…
Аԥсны
Ҩаԥхьа аҭоурых иагәылаԥшит: аибашьра ахроника ддырбеит Гагра
Сҩызцәеи сареи аибашьцәа рбаҟа аԥхьа ихаҳҭәалеит Нургали ԥхыӡла дзеилаҳауаз арыжәтә хаа, убас ачамчамытақәагьы ргьама аабан, иаанхаз уа инҳажьит. Уинахыс иналаршә-ааларшәны схалоит арахь.
Сынтәатәи саара даара сгәы ҟанаҵеит. Нургали Канукови, Ибрагим Науржанови, Валери Смыри, анаҩс урҭ рганаҿы ишьақәдыргылаз Ҳасан Алхасови рзеиԥш баҟа аҵакыра еиҿкааӡа ихкааны, абираҟқәа ахашәыршәыруа, ашәҭқәа еиҭаҳаны избеит.
1 / 3

Мамзышьха аҳаракыраҿы иҭахаз Нхыҵ Кавказтәи арԥарцәа рбаҟа

2 / 3
Мамзышьха аҳаракыраҿы иҭахаз Нхыҵ Кавказтәи арԥарцәа рбаҟа
3 / 3
Мамзышьха аҳаракыраҿы иҭахаз Нхыҵ Кавказтәи арԥарцәа рбаҟа
Излеилыскааз ала, уи Гагра араион ахадара раԥшьгамҭоуп. Сыхәҭакахьала иҭабуп ҳәа расҳәоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәалашәара ахьдмырӡуа.
Ҳаргьы иаҳмырԥхашьап рыԥсы, дара хыхьынтәи ҳарбоит, уи агәра згахьеит…