Абри адгьыл аҿы ашьа камшразы

© Фото : группа в Facebook "Памяти павших за Родину"Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иеибашьуаз ҳашьцәа. 1993 ш.
Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иеибашьуаз ҳашьцәа. 1993 ш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 15 рзы 28 шықәса раԥхьа, Аԥсныҟа иааит раԥхьатәи хатәгәаԥхарала иеибашьуаз ргәыԥ. Аԥсны ари амш Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз имш ҳәа иазгәарҭоит. Дазусҭада уи агәымшәа? Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа иҳацеиҩылшоит урҭ ирызку лыгәҭахәыцрақәа.

Дызусҭада хатәгәаԥхарала арыцҳара иақәшәаз ажәлар рывагыларазы, рхақәиҭтәразы гәыҩбарак ҟамҵакәа, еимгеимцарак ала изыӡбо? Аусуҩ, аҳақьым, арҵаҩы. Аус уцызуа. Угәыла. Удыр. Зны-зынла акала егьырҭ зегь ирылумкаауаз. Азеиԥш уаҩы.

Лили Ҳагԥҳа: Мураҭ хәыҷы Аԥсныҟа ааиха имоукәа - дҭахоит>>

Нанҳәамза 14 ашьыжь ашараз Аԥсны амра атыҩ ишакыз заҳаз рҟынтәи шәҩыла арахь амҩа иқәларц рыӡбеит. Урҭ рҟынтәи иҟан Аԥсны иаахьаз, бзиа избахьаз. Иҟан аӡбахә мацара заҳахьаз. Аха уи акәмызт урҭ ргәы-рыԥсаҿы ихадараз. Ихадараз - арыцҳара иҭашәаз рыдгылара, рывагылара акәын. Убри аан ирдыруан аибашьра еиқәханы изалымҵыр шауазгьы. Аха ауаҩы наџьнатә аахыс ицәа-ижьы иалоу аҟазшьа ҷыдақәа ируаку – аҽа уаҩытәыҩсак ицхраара ахымԥадара аԥыжәара агон.

Арахь амҩа иқәларц зҽеидызкылоз рҟынтәи иҟан аԥсра абла иҭаԥшхьаз, абџьар зкхьаз. Иҟан иржәышаз аӡыхь ахы ыҵнамхыцкәа аԥсҭазаара ашәхымс иацы иаахыҵыз. Иҟан ҭаацәарак рхадацәа. Иҟан аԥазаҵәқәа. Ажәлеи абиԥареи уаҵәтәи амш иадызҳәалашаз. Аха абарҭ аминуҭқәа раан урҭ рҟынтәи аӡәызаҵәыкгьы хьаҵрак ҟасҵап ҳәа дхәыцуамызт. Иҟаз мҩа заҵәык акәын – Аԥсныҟа.

Ажәытә зны ахақәиҭраз Бырзентәыла иқәԥоз рыцхыраараз амҩа иқәлаз апоет ду Баирон иеиԥш Аԥсныҟа амҩа дықәлеит Урыстәыла уаҵәтәи аԥеиԥш зырлашартә аҟара аҟазара злаз, "Чем меньше мужчин, выбирающих страх, тем выше полет ястребиный…" ҳәа изыԥхьаӡоз апоет қәыԥш Александр Бардодым. Аԥсны иҟоу аиашареи аиашамреи зыблала избарц зҭаххаз, Польша атәылауаҩ Годав Иануш Анжеи Аԥсны дахьааиз, абџьар шьҭыхны ҳажәлар дрывагылеит. Аҳҭнықалақь агара ихгьы ақәиҵеит.

Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала Аԥсны ахақәиҭрзы иеибашьуаз ҳашьцәа. 1993 шықәса. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аԥсны Афырхаҵа Заур Пежев иан: сгəы мыжда иачҳауазеи?!

Анкьа зны забацәеи забдуцәеи аҭырқәа шхәақәа рыла амшын ихырхәхәалан атәым жәҩан иаҵаргалаз рхылҵшьҭрақәа шьҭахьҟа игьежьит ахааназ ирымбацыз, аха рыԥхыӡ иалаз рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь. Ранацәеи рабацәеи рыбла инҭагәӡны, уажәыҵәҟьа ҳхынҳәуеит ҳәа раҳәаны, арахь амҩа иқәлеит "ашьа ахала аҽадыруеит" ҳәа ажәаԥҟа шиашоу агәра ҳзыргаз Нхыҵ Кавказаа рыҷкәынцәа. Урыстәыла, Украина, Прибалтика, Белоруссиа уҳәа ииз, изызҳаз, аиаша азықәԥара зшьа-зда иалаз аԥсуаа рыцхыраара иазыхианы амҩа иқәлеит ахацәа.

Иуҳәар ауеит ауаҩы ихала ихы даназынхо игәаӷь егьа иӷәӷәазаргьы, цәшәарак аҵалар алшоит ҳәа. Наԥсҵәык иҟаз аԥсуа жәлар ԥшьмиллионк инареиҳаз, бџьарла еибыҭаз амилаҭ рҿаԥхьа шәарак шрымамызгьы, хатәгәаԥхарала "ҳахьышәҭаху ҳаҟоуп, ҳшәашьцәоуп" ҳәа ашьха каҵәарақәа ирхысны ҳшымгәыӷӡоз ианаарыдгыла, рымч еиҭа мыч ацлеит, рыгәаӷьрагьы ҩбахеит, ихԥахеит.

Ушаӡәыку жәаҩыла, шәҩыла ауаа анааувагылалак, уаӡәкра уаалҵны ухы уҩахоит. Уӷәӷәахоит.

Аԥсуа жәлар ирыдгыланы иқәгылеит: Адыгатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Адыгэ Хасэ", Ҟарачытәи адемократиатә еилазаара "Джамагат", ачечен жәлар рзеиԥшмилаҭтә Конгресс, абаза уаажәларратә еиҿкаара "Адгылара", Алада-Уаԥстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Адамон ныхас", Дон, Ҟәыбина аказақцәа реиҿкаарақәа. Адунеи иахыҵәеит Еиду аштатқәа, Германиа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла инхоз аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа рықәгыларақәа. Иҿаҳазарц, идагәазарц зҭахыз ҳәынҭқаррақәак рҿынӡагьы инаӡеит урҭ рыбжьы.

Адунеиаҿ иахьагьы инагӡаны ирзеилымкаац аԥсуаа рфеномен - урҭ ақырҭцәа риааира рылзыршаз. Иҭырҵаауеит. Сара сгәаанагарала, уи афеномен аԥсадгьыл ахьчареи, абзиабареи, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разгәышьреи реиԥшҵәҟьа иахәҭаны иҟан аидгыларагьы.

Ҳаиқәырхара иацхрааз аидгылара... Ҳәарада, аԥсуаа рыԥсадгьыл азы аҵыхәтәантәи ахаҵа иԥсы ныҭшәаанӡа еибашьышан, аха иахьатәи ҳиааира ԥсыс иахоу иреиуоуп хатәгәаԥхарала иҳавагылаз, аамҭак ала аԥсуа иеиԥшҵәҟьа ахәыцра иалагаз, зхы-зыԥсеиԥш ҳадгьыл бзиа избаз...

Мемориальные доски погибшим в Мартовском наступлении Руслану Шинкуба, Джамбулу Зарандия, добровольцу из Сирии Джаркасу Гасану и добровольцам из Кабардино-Балкарии Аслану Ажгериеву и Валерию Берхамову. - Sputnik Аҧсны
Марттәи ажәылараан иҭахаз Валери Берҳам хатәгәаԥхарала еибашьуаз зегьы дреиҵбын

Ирацәаҩуп, ирацәаҩӡоуп урҭ рҟынтәи ари адгьыл иамардаз... Наӡаӡа ара иаанхаз... Ҳажәҩан цқьа, ҳажәҩан лаша зыԥсыцқьақәа аҵоу...

Аԥсны Аԥсынны адунеи иақәлахарц азы Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесиа, Аедыгьтәыла, Чечниа, Ингуштәыла, Даӷьсҭан, Нхыҵ Уаԥстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Урыстәыла, Белоруссиа, Украина, Естониа, Азербаиџьан, Ҟазахстан, Кыргызстан, Ҭаҭарстан, Узбекистан, Туркменистан уҳәа рҟынтәи шәҩыла аиаша иазықәԥоз ауаа.

Иахьа ҳара ҳзы ихадароу - еиҵагылоу ҳабиԥара абарҭ ахьӡқәа рхамшҭыртә рааӡароуп!

Иахьа ҳара ҳзы ихадароу - абарҭ ауаа иҳацрыхьчаз ҳаԥсадгьыл амырӡроуп!

Иахьа ҳара ҳзы ихадароу - уаҳа абри адгьыл аҿы ашьа камшуа аҟаҵароуп!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0