Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҩаԥхьа аҭоурых иагәылаԥшит: аибашьра ахроника ддырбеит Гагра

© Sputnik / Саида ЖибаХронику войны показали в Гагре
Хронику войны показали в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи 30 шықәса инамаданы ашьыжь Гагра ақалақь Ахақәиҭра ашҭаҿи Владислав Арӡынба ибаҟа амҵани имҩаԥысит ашәшьҭаҵареи амитинги, ахәылбыҽха - аибашьратә хроника арбара.
ГАГРА, нанҳәа 14 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи 30 шықәса аҵра иазкны нанҳәа 14 ауха Гагра Аиааира ашҭаҿы, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа араион акультура аҟәша, араион ахадара адгыларала, еиҿнакааит аибашьра ахроника арбара.
Аекран ду ала аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы, акурорттә қалақь иаҭааны иҟоу асасцәагьы алшара рыман аԥсуа жәлар знысыз аибашьра хлымӡаах азхьаԥшра.
© Sputnik / Саида Жиба

Ҩаԥхьа аҭоурых иагәылаԥшит: аибашьра ахроника дырбан Гагра

Ҩаԥхьа аҭоурых иагәылаԥшит: аибашьра ахроника дырбан Гагра - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

Ари агәалашәаратә усмҩаԥгатә иаҭааит Пицунда, Бзыԥҭа, Цандрыԥшь, Лӡаа уҳәа рҟынтә ахадарақәа реиҳабацәеи, иара усгьы агәаҳәара змаз зегьы. Еизаз рыбжьара иҟан аибашьра аветеранцәагьы. Дара акадрқәа рҟны рхы, мамзаргьы ирдырқәоз, уи адагьы ирывыршьааз рҩызцәа анырбоз, рылаӷырӡ рзынкыломызт. Урҭ ирыватәазгьы ԥшьаала рылабжышқәа дрыцқьон.
"Сыхәҭакахьала абри аусмҩаԥгатә еиҿызкааз иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҩаԥхьа аҭоурых ҳагәылаԥшны уаҵәтәи амш азы алкаақәа ҟаҳҵартә алшара ҳнаҭеит иаҳбаз. Ҳажәлар рлахьынҵа зырцәгьаз ахҭысқәа еиҵагыло абиԥара ирхашҭыр ҟалаӡом. Ԥхьаҟа дара роуп аҳәынҭқарра зыргыло, убри аҟнытә ушьҭахь иҟаз узымдыркәа ԥхьаҟа ушьаҿа узеихыхӡом. Хашҭра рықәымзааит, рыԥсаҭа бзиахааит шьала ҳхақәиҭра ҿызхыз. Зыԥсы ҭоу аветеранцәа ракәзар, гәабзиарала акыр шықәса имҩасааит", - лҳәеит аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Ларина Гәымԥҳа.
Аибашьра ахроника иахәаԥшуаз урыстәылатәи асасцәа ракәзаргьы ргәы шԥшаауаз убон.
"Арҭ акадрқәа арыхәаԥшра ҳаргьы иаҳзымариаӡам. Ишәыжәдыруа еиԥш, ҳаҷкәынцәагьы иахьа аиашара аагаразы ахымца иаҿагылоуп. Џьанаҭ еиԥшу шәыдгьыл наунагӡа аҭынчра амазааит. Иара адунеи ахьынӡанаӡааӡогьы еибашьра ҟамлааит. Аҭынчра ргәы азыҳәалааит ауаатәыҩса зегьы", - ҳәа азгәарҭеит Воронежынтәи Гагра зыԥсы зшьо Сидороваа рҭаацәа.
Церемония возложения цветов в Гагре 14 августа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа
Угәаҵанӡа имнеир залшомызт акадрқәа рыбжьара аибашьра аҭоурых иаԥхьоз Оксана Гьерхелиаԥҳа лыбжьы. Угәы арԥшаауан ашколхәыҷқәа зыԥхьаз ажәеинраалақәагьы.
Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш нанҳәа 15 аҳаҭыр азы уахатәи ахроникаҿы ажәлар идырбан Нхыҵ-Кавказынтәи зыиашьаратә жәҩахыр аԥсуаа гәашьас ирзыҵазыргылаз ахатәгәаԥхаҩцәа рыҿцәажәарақәагьы. Арҭ акадрқәа шаҳаҭра руеит Кавказ ажәларқәа аӡәыкны ишыҟоу.
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Аибашьра афотоҭыхымҭақәа рҿы: 413 мши ҵхи Аԥсны ахақәиҭразы
Ажәабжьқәа зегьы
0