Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи амчрақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәба ԥыржәеит

Урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа Украинатәи арратә обиектқәа ааха шрырҭац ирырҭоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Урыстәылатәи амчрақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәба ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра адырраҭараҿ.
"Ааха рыҭоуп украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәба, УАМ аматериал-техникатә еиқәыршәаратә ҭыԥ", - иҳәеит аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков.
Аруаа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи ар рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа быжьба ааха рырҭеит.
Ааха рыҭан иара убасгьы ареактив-артиллериатә батареиатә система "Ураган", РСЗО "Смерч" авзвод, РСЗО "Град" авзводқәа ԥшьба, агаубицақәа Д-30 рывзводқәа хԥа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу: арратә операциа ҷыдаҿы аамҭа агара – ихықәку ӡбамҭоуп
Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа быжьба, рыԥырра нкылоуп РСЗО ҩба.
Уи адагьы ажәылара донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 600-ҩык Украина аруаа. УАМ амеханизациа зызуу 66-тәи абригада аҟынтәи 160-ҩык аррамаҵзурауаа мап ацәыркит ԥхьаҟа аибашьра алахәхара.