Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аруаа абылтәы ахьыргоз анефтҵәахырҭа еилаԥыххауп

Днепропетровтәи аобласт Никополь ақалақь аҟны иҟан еилаԥыххау анефтҵәахырҭа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Урыстәылатәи амчрақәа кылкааратә рхысрала Днепропетровтәи аобласт иҟаз украинатәи аруаа абылтәы ахьыргоз анефтҵәахырҭа еилаԥырххааиn, аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иара убас иқәхуп ДЖәР араионқәа Северск, Краматорск, Улаклы, Харьковтәи аобласт Травневое, Днепропетровтәи аобласт Марганец рҟны иҟаз аракета- артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ааба", - аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит кылкааратә хысрала ишҭархоу 250-ҩык аруаа, иара убас украинатәи ар ахь аҽазыҟаҵарақәа ирхысуаз шәҩык.
Арратә аоперациа ҷыда цонаҵы зынӡа иҭархоуп: 274 ҳаирплан, 148 вертолиот, аԥырҩы дызҭам 1862, 370 ЗРК, акәылӡтәы машьынақәеи атанкқәеи 4400, аибашьыгатә машьынақәа 822, артиллериатә хгәыцәи аминақәеи 3349, иара убас иҷыдоу аибашьыгатә техника 5095 ак.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу: арратә операциа ҷыдаҿы аамҭа агара – ихықәку ӡбамҭоуп