АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Аԥсны анацәа аҭынчреи аиашареи рзы" реиҿкаареи Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки Амилаҭтә библиотекаҿы еиҿыркааит хабарда ибжьаӡыз ирызку ашәҟәы ацәыргақәҵеи аӡыргареи.
"Аԥсны анацәа аҭынчреи аиашареи рзы" аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 200-ҩык инареиҳаны аԥсуа еибашьцәа, официалла 185-ҩык бжьаӡит ҳәа ишыԥхьаӡоугьы.
Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак Аԥсны 12 шықәса аус ауеижьҭеи 44-ҩык аԥсуа солдаҭқәа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рҭаацәа анышә еиҭарҭаразы ирыҭоуп. Зынӡа урҭ аус руеижьҭеи ирԥшаахьеит 500-ҩык хабарда ибжьаӡыз, 200-ҩык рыԥсыбаҩи урҭ рҟәырҷахақәеи рҭаацәарақәа анышә реиҭаҭаразы ирыҭоуп.
"Злахьынҵа зцымныҟәаз" ("Кого судьба не сберегла" - урысшә.) захьӡу ашәҟәы иануп хабарда ибжьаӡыз аԥсуа еибашьцәа рҭоурыхқәа, иара убас Гал араион аҿы аибашьра ашьҭахь ибжьаӡқәаз рҭоурых.
"Ари амш агәалашәарақәа ирымшуп. Иахьа иӡырааго ашәҟәы иануп хабарда ибжьаӡыз ирызку аҭоурыхқәа, амала урҭ шыбжьаӡыз ирызку акәым, аха рыԥсы анҭаз ирыԥсҭазаашьаз ауп изызку. Иахьатәи ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп урҭ рҭаацәарақәа ргәаҵа иҭаҵәаху агәалашәарақәа. Ҳгәы иаанагоит уи иабзоураны хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа ирымоу агәыӷра ҿыцәаара ақәлом ҳәа", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь амиссиа аиҳабы Натан Раиес.
Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш адунеи аҿы иазгәарҭоит нанҳәа 30 рзы. Уи рыларҳәеит ибжьаӡызи иҭаку ауааи ирлахьынҵоу аилкаара аҭахуп ҳәа иахьырԥхьаӡаз азы.