https://sputnik-abkhazia.info/20220830/asny-ayntylat-eibashraan-khabarda-ibzhayz-iryzku-ashy-ryzhit-1041232081.html
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ашәҟәы ҭрыжьит
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ашәҟәы ҭрыжьит
Sputnik Аҧсны
Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш ажунеи аҿы иазгәарҭоит нанҳәа 30 рзы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 200-ҩык инареиҳаны аԥсуа... 30.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-30T21:17+0300
2022-08-30T21:17+0300
2022-08-30T21:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/1e/1041229266_38:0:1170:637_1920x0_80_0_0_f9923fde06a9036facc4eddc36c813e0.jpg
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Аԥсны анацәа аҭынчреи аиашареи рзы" реиҿкаареи Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки Амилаҭтә библиотекаҿы еиҿыркааит хабарда ибжьаӡыз ирызку ашәҟәы ацәыргақәҵеи аӡыргареи.Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак Аԥсны 12 шықәса аус ауеижьҭеи 44-ҩык аԥсуа солдаҭқәа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рҭаацәа анышә еиҭарҭаразы ирыҭоуп. Зынӡа урҭ аус руеижьҭеи ирԥшаахьеит 500-ҩык хабарда ибжьаӡыз, 200-ҩык рыԥсыбаҩи урҭ рҟәырҷахақәеи рҭаацәарақәа анышә реиҭаҭаразы ирыҭоуп."Злахьынҵа зцымныҟәаз" ("Кого судьба не сберегла" - урысшә.) захьӡу ашәҟәы иануп хабарда ибжьаӡыз аԥсуа еибашьцәа рҭоурыхқәа, иара убас Гал араион аҿы аибашьра ашьҭахь ибжьаӡқәаз рҭоурых."Ари амш агәалашәарақәа ирымшуп. Иахьа иӡырааго ашәҟәы иануп хабарда ибжьаӡыз ирызку аҭоурыхқәа, амала урҭ шыбжьаӡыз ирызку акәым, аха рыԥсы анҭаз ирыԥсҭазаашьаз ауп изызку. Иахьатәи ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп урҭ рҭаацәарақәа ргәаҵа иҭаҵәаху агәалашәарақәа. Ҳгәы иаанагоит уи иабзоураны хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа ирымоу агәыӷра ҿыцәаара ақәлом ҳәа", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь амиссиа аиҳабы Натан Раиес.Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш адунеи аҿы иазгәарҭоит нанҳәа 30 рзы. Уи рыларҳәеит ибжьаӡызи иҭаку ауааи ирлахьынҵоу аилкаара аҭахуп ҳәа иахьырԥхьаӡаз азы.
https://sputnik-abkhazia.info/20220422/anab-aar-ashi-arei-useitsura-akhaagy-agyueit-1038769135.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220107/aibashraan-khabarda-ibzhayz-27-yk-rysybaa-shaan-asny-2021-shysa-rzy-1037046900.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/1e/1041229266_179:0:1028:637_1920x0_80_0_0_97d603a28ac3dc8c7a12316fceed6128.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ашәҟәы ҭрыжьит
21:17 30.08.2022 (ирҿыцуп: 21:41 30.08.2022) Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш ажунеи аҿы иазгәарҭоит нанҳәа 30 рзы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 200-ҩык инареиҳаны аԥсуа еибашьцәа.
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Аԥсны анацәа аҭынчреи аиашареи рзы" реиҿкаареи Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки Амилаҭтә библиотекаҿы еиҿыркааит хабарда ибжьаӡыз ирызку ашәҟәы ацәыргақәҵеи аӡыргареи.
"Аԥсны анацәа аҭынчреи аиашареи рзы" аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 200-ҩык инареиҳаны аԥсуа еибашьцәа, официалла 185-ҩык бжьаӡит ҳәа ишыԥхьаӡоугьы.
Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак Аԥсны 12 шықәса аус ауеижьҭеи 44-ҩык аԥсуа солдаҭқәа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рҭаацәа анышә еиҭарҭаразы ирыҭоуп. Зынӡа урҭ аус руеижьҭеи ирԥшаахьеит 500-ҩык хабарда ибжьаӡыз, 200-ҩык рыԥсыбаҩи урҭ рҟәырҷахақәеи рҭаацәарақәа анышә реиҭаҭаразы ирыҭоуп.
"Злахьынҵа зцымныҟәаз" ("Кого судьба не сберегла" - урысшә.) захьӡу ашәҟәы иануп хабарда ибжьаӡыз аԥсуа еибашьцәа рҭоурыхқәа, иара убас Гал араион аҿы аибашьра ашьҭахь ибжьаӡқәаз рҭоурых.
"Ари амш агәалашәарақәа ирымшуп. Иахьа иӡырааго ашәҟәы иануп хабарда ибжьаӡыз ирызку аҭоурыхқәа, амала урҭ шыбжьаӡыз ирызку акәым, аха рыԥсы анҭаз ирыԥсҭазаашьаз ауп изызку. Иахьатәи ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп урҭ рҭаацәарақәа ргәаҵа иҭаҵәаху агәалашәарақәа. Ҳгәы иаанагоит уи иабзоураны хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа ирымоу агәыӷра ҿыцәаара ақәлом ҳәа", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь амиссиа аиҳабы Натан Раиес.
Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш адунеи аҿы иазгәарҭоит нанҳәа 30 рзы. Уи рыларҳәеит ибжьаӡызи иҭаку ауааи ирлахьынҵоу аилкаара аҭахуп ҳәа иахьырԥхьаӡаз азы.