Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аибашьраан хабарда ибжьаӡыз 27-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшаан Аԥсны 2021 шықәса рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукКрасный крест
Красный крест - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Анапаҵаҩра
Аџьар ҟаԥшь жәларбжьаратәи аилак 2021 шықәса рзы имҩаԥнагаз аусура аихшьалақәа ҟанаҵеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз 27-ҩык аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны анаҩс урҭ ргәараҭақәа рҿы анышә иамардаразы рыуацәа ирырҭеит 2021 шықәса рзы. Абри атәы аанацҳауеит аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс", Аџьар ҟаԥшь жәларбжьаратәи аилак 2021 шықәса рзы имҩаԥнагаз аусуразы аҳасабырба шьаҭас иҟаҵаны.
Президент Абхазии Аслан Бжания принял представителей миссии МККК - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Аԥсни Аџьар Ҟаԥшь амиссиеи русеицура иацҵахоит
Апандемиа иахҟьаны аҳәаақәа ахьаркыз азы ари аус аҳәаанырцәынтә аҟазауаа радԥхьалара рылымшазт, аҭыԥантәи аекспертцәа ракәын Аԥсны ахы-аҵыхәа аусурақәа мҩаԥызгоз.
Игәаҭан аԥсыжырҭақәа 30: урҭ рахьтә 22 нышәынҭра рҿы ажрақәа мҩаԥыргеит, аԥсыбаҩқәа 19 ыҵырхит.
Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩни Аџьар ҟаԥшь аиҿкаареи русеицура иалҵшәаны еизган хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа ирызку 140 ҭоурых, урҭ хаз шәҟәны 2022 шықәсазы иҭрыжьырц ргәы иҭоуп.
Акоронавирус азы апандемиа инамаданы ари аиҿкаара 162-а атәанчаҩцәа рҭагылазаашьа еилкааны ианаамҭаз ацхыраара рыҭан.
Президент Международного комитета Красного Креста Петер Маурер посетил станицу Луганская - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Аџьар Ҟаԥшь Аԥсны аибашьраҿ иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара еиҭахацнаркуеит
Иара убас аԥкрақәа аларгалеижьҭеи зхала иаанханы иҟоу 611-ҩык абыргцәа ирыцхраауеит, рхәы-рыԥхь, асабрадақәа, анаптарԥақәа, аҽрыцқьагақәа уҳәа рызнаргоит. Иара убас ауажәларра рыбжьара акоронавирус аҽацәыхьчара шаҭаху, алаҵа шыҟаҵатәу иазкны арккаратә цәажәарақәа рзымҩаԥыргоит.
Агуманитартә цхыраара рзыҟаҵоуп амедицинатә усбарҭақәагьы, алаҵақәа рымҩангареи рыҵәахреи азы иаҭахыз архьшәашәагақәа рыҭан, афымцалашара меиԥҟьарц азы агенераторқәа рзышьақәыргылан, аҵәыҵәритә станциақәа, ахыхьчагақәа, арзҩыдагақәа рыла еиқәыршәан.
Работа мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Аԥсны алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа рзы амыругақәа ааргеит
Иара убас Аџьар ҟаԥшь аиҿкаара абзоурала ацәгьоура зуз раанкыларҭақәа рзы иаахәан аҩнымаҭәа, ахәыҷтәы хәшәтәырҭа алабораториаҿы аԥенџьрықәеи ашәи ҿаҵан, алинолеум ықәҵан, иаахәан 5-компиутерки IT-маругақәеи.
Аџьар ҟаԥшь жәларбжьаратәи аилак (МККК) Аԥсны аус ауеит 1992 шықәса раахыс. Ари жәларбжьаратәи агуманитартә еиҿкаароуп, уи аус ауеит адунеи зегь аҿы, аибашьрақәа раан арыцҳарақәа ирықәшәаз ауаа рыхьчареи рыцхраареи рнапы алакуп.
Аԥсны иахьаҵанакуа МККК аусура еиҳарак иазырхоуп хабарда ибжьаӡыз ауаа ирлахьынҵахаз аилкаара, рҭаацәа рыҽрымадара, иара убас акоронавирус азы апандемиа аан ауааԥсыра ацхыраара рыҭара.
Инал Ардзинба провел встречу с главами представительств международных организаций  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Инал Арӡынба иҳәеит жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура адгылара шарҭало
Ажәабжьқәа зегьы
0