Аԥсны

Аԥсны аихамҩатә цҳақәа ԥшьба рҿы ақьарсҭақәа рыԥсахуеит

Ацҳатә қьарсҭақәа рыԥсахра мҩаԥгахоит адәыӷбақәа рныҟәара ашәарҭадара аиҿкааразы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. "Аԥсны аихамҩақәа" аремонттә бригада аихамҩа цҳақәа ԥшьба рҿы ақьарсҭақәа рыԥсахуеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсахрақәа мҩаԥгахоит:
Аҟәа, Ҷанба имҩаҿ аӡиас Баслаҭа иху ацҳаҿ;
Гәдоуҭа араион аӡиас Хыԥсҭа иху ацҳаҿ;
Гагра араион Бзыԥ аӡиас иху ацҳаҿ;
Гәылрыԥшь араион Каштак аҳабла иахьаҵанакуа иҟоу ацҳаҿ.
Зынӡа 300 метра рыԥсахраны иҟоуп. Ашықәс нҵәаанӡа абри аҩыза аусурақәа мҩаԥысраны иҟоуп егьырҭ аихамҩатә цҳақәа рыҿгьы.
Аԥсны
Аԥсны аихамҩатә аидарамҩангарақәа хынтәны еизҳаит