АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Цәыббра 6 инаркны 12 рҟынӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспубликеи, Ҟабарда-Балкариа ареспубликеи, Адыгеиа ареспубликеи дырҭаауеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ахада иусутә ныҟәара алагоит Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика аҟынтәи.
Цәыббра 7 рзы Бжьаниа диԥылоит Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика ахада Рашид Темрезов. Уи аҽны Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика 100 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа дрылахәхоит.
Иара убас Аслан Бжьаниа дыԥылоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.
Цәыббра 8 рзы Аслан Бжьаниеи 1992 -1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәеи иареи еиԥылоит.
Аԥсны ахақәиҭтәразы ҞЧ ареспубликантәи иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟеи Иури Калмыков ибаҟеи рҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵуеит, иара убас Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашколи Леон иорден занашьоу Мусса Дауров иҳаҭгәыни дырҭаауеит.
Цәыббра 9 рзы Ҟабарда-Балкариа ареспублика ахада Казбек Кокови, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәеи Аслан Бжьаниеи реиԥылара азгәаҭоуп. Ахада Аԥсны ахақәиҭтәразы ҞБ ареспубликантәи иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵуеит, ҞБА раԥхьатәи ахада Владимир Кокови Аԥсны Афырхаҵа Султан Сосналиеви рнышәынҭрақәа дырҭаауеит.
Цәыббра 10 рзы Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариа ареспублика 100 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа дрылахәхоит.
Цәыббра 11 рзы Атәыла ахада далахәхоит Адыгатәыла ахада Мурат Кумпилов иҭоубашьҭаҵара.