Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҳхала ҳшыҟамыз аабеит": Бжьаниа хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҭаразы Гәдоуҭаҟа иааит 200-ҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхаҩцәа.
ГӘДОУҬА, нанҳәа 15 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адныҳәалара ҟаиҵеит Гәдоуҭа Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҭараан, абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, акыр иаԥсоу хатәгәаԥхарала еибашьуаз, гәык-ԥсыкала ишәыдсныҳәалоит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. Сынтәа нанҳәа 14 рзы иҵит 30 шықәса 1992 - 1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи. Адырҩаҽныҵәҟьа ҳхала ҳшыҟамыз аабеит. Нхыҵ Кавказынтәи иааит аҟабарда жәлар рҵеи иаша Султан Асланбек-иԥа Сосналиев заԥхьа дгылаз хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ҳашьцәа раԥхьатәи ргәыԥ", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит Нхыҵ Кавказынтәи, Алада Урыстәылантәи, аҳәаанырцәтә аԥсуа диаспорақәа рҟынтәи, Аахыҵ Уаԥстәылантәи, Приднестровие-Молдавиатәи Ареспубликеи рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа аԥсуа жәлар рыжәҩахыр ӷәӷәа шрывадыргылаз аӷа хәымга иҿагыларазы.
"Аҭынчреи аиашареи ирзықәԥоз аҵеицәа ргәымшәареи рфырхаҵареи иабзоураны Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи азааҳгеит", - иҳәеит атәыла ахада.
Иара убас иара иазгәеиҭеит хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа ҳашьцәа ахьааиз адунеи зегьы ишадырбаз аиашьа ижәҩахыр аҵакы ӷәӷәа шамоу, уи ажәлар ахақәиҭра азықәԥараҟны еиҳагьы ргәы шарӷәӷәаз, иара убас еиҵагыло абиԥарақәа рзы ишааӡагоу.
Бжьаниа иқәгылараан иҳәеит цәыббрамзазы Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа рахь дцарц игәы ишҭоу.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2000-ҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхаҩцәа, 250 инареиҳаны иҭахеит.
Ашәахьа, нанҳәа 15 рзы Гәдоуҭа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа аҿаԥхьа еиҿкаан агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
Уи иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0