Аинфлиациа, асанкциақәа, афатә азы аилаӡара: Путин адунеитә ҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит

Урыстәыла ахада Мрагыларахаратә економикатә форум аҿы дықәгылеит. Афорум мҩаԥысуеит цәыббра 5-8 рзы, Владивосток, Мрагыларахаратә федералтә университет акампус аҿы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Мрагыларахаратә економикатә форум аҿы дықәгылеит. Иажәахә нарҭбааны икьыԥхьуп РИА Новости аҿы.

Асанкциатә шоура

Ауснагӡатә атема: "Ахырхарҭарацәатә дунеи амҩала" Путин иқәгылараҿы иҳәеит коронавирус инашьҭаххны егьырҭ апроблемақәа шцәырҵыз.
"Акоронавирус инашьҭарххны амҽхак ҭбаа змоу ашәарҭарақәа цәырҵит адунеи аҿы. Зыӡбахә сымоу асанкциақәа роуп. Мраҭашәара егьырҭ атәылақәа иара иагәаԥхо ахымҩаԥгашьатә модельқәа ирықәныҟәаларц рыднаҵоит, иара амчра иаҵанагалоит", - ҳәа иҳәеит Путин VII Мрагыларахаратә економиатә форум апленартә сессиаҟны.
Иара иҳәеит ари адоллар, аевро, афунт стерлингқәа рахь агәрагара шдырӡыз. ЕАА аҩызцәа ааигәақәаҵәҟьа ррезервқәа америкатәи авалиутала рышьҭаҵара рҭахым. Ахада иҳәеит арҭ апроцессқәа Вашингтон аглобалтә економикеи аполитикеи ирнаҭоз анырра шеиҵартәыз.
"Аокеан ҭынч арегион аҳәынҭқаррақәа реиҳарак асанкциақәа рзеилкаауам. Ара аизыҟазаашьақәа ирхадараны иҟоу аицыфеидареи аусеицуреи роуп", - иҳәеит ахада.

Аҿиара иаҿу атәылақәа ракәзар афатә азы аилаӡарақәа ирзеиқәырхом

Путин иҳәеит аԥхын Сҭампыл имҩаԥгаз аилаӡара ахықәкқәа нагӡаны ишалнамыршаз. Иара инақәыршәаны Украинантә аекспорт ахь ирышьҭыз аалыҵ зегьы Европаҟа ишнагоу, амла иакуа атәылақәа рахь акәымкәа.
"Ҭырқәтәыла тәыла-бжьаҟазак ала иаиуз арыц ада егьырҭ аидарақәа зегьы Евроеидгыла атәылақәа рахь инашьҭын. ИАР афатә азы Адунеизегьтә программа ала арҭ атәылақәа рзы арыц зықәҵаз аӷбақәа ҩба роуп. 87 рҟынтәи ҩба заҵәык. Ҩ-миллион тоннак рҟынтәи 60 ооо тонна. Ари х-процентк роуп иҟоу. Х-процентк роуп амла иакыр ахьалшо атәылақәа ирзышьҭу".
Путин Мраҭашәаратәи асанкциақәа адунеи зегьы ашәарҭара иҭанаргылоит иҳәеит
Ари аҩыза европатәи атәылақәа рполитика иаҳхысхьоу аколонизатортә аамҭа иацызҵо ауп иҳәеит Путин. Иара инаҵишьит аџьармыкьа дуқәа рҟны ахәқәа иахьрыцло иӷару атәылақәа рзы арыцҳара дуқәа цәырнагар шалшо.
Убас, ЕАР адыррақәа рыла, 2019 шықәса рзы 135 миллионҩык адунеи ауааԥсыра афатә рзымхозҭгьы, уажәы - 345 миллионҩык ирызхом.

Урыстәыла аҭагылазаашьа

Иқәгылараан Урыстәыла ахада иҳәеит Урыстәыла аинфлиациа 14 процент ишеиҳам, алаҟәрагьы ишаҿу.
"Сгәаанагарала, ари ашықәс анҵәамҭазы 12 процент рҟынӡа ҳнаӡар ҳалшоит, аекспертцәа ишахгәарҭо ала, ҳазҭало ашықәс актәи аԥшьбарак аан, аҩбатәи ҳанҭало 5-6 процент рҟынӡа ҳалбаауеит, џьоукы 4 процентк ртәгьы рҳәоит", - иҳәеит Путин.
Атәыла ахада иажәақәа рыла, Урыстәыла аекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит, аха аҳәаанырцәынтәи атауарқәа раагараҿы ауадаҩрақәа ыҟоу. Авалиутатәи афинанстәи џьармыкьақәагьы ҭышәынтәалахеит, аусурамамзаара аҩаӡара уажәтәи ала зегь раасҭа ҳҭоурых аҿы еиҵоуп - ԥшь-процентк иреиҵоуп.
Путин Урыстәыла аҳәаанырцә имҩаԥнагало агуманитартә политика аконцепциа шьақәирӷәӷәеит

Украина аоперациа ҷыда

Аилатәара амҩаԥгаҩ, ажурналист Илиа Доронов Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда аӡбахә зышәымҳәеи ҳәа изҵаара аҭак ҟаҵо, Путин иҳәеит уи аҳәынҭқарра Азиа-океанҭынчтәи арегион иаҵанакуам азоуп ҳәа.
Убри аан иара иазгәеиҭеит дшазыхиоу ари атема иазку азҵаарақәа рҭак аҟаҵара.
"Ҳара ҿыц акгьы ҳаламгаӡеит, аибашьра атәы уҳәозар, уи хҳаркәшар ауп иаҳҭаху. 2014 шықәса рзы аҳәынҭқарратә мчра ахҳәараан Украина иалагеит Донбасс аибашьра, рхатәы жәлар ирҿагыланы агеноцид амҩаԥгара, урҭ аашықәса ашьаарҵәыра илагылан", - иҳәеит Путин.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла изныкымкәа ҭынчымҩала ари азҵаара аӡбара аҽазнашәон, аха ианамуӡа, "егьырҭ ишыҟарҵоз еиԥш бџьаршьҭыхла аҭак рыҭара ҳаӡбеит".
Путин урыстәылатәи аруаа рхыԥхьаӡара иазирҳаит