Путин урыстәылатәи аруаа рхыԥхьаӡара иазирҳаит

© Sputnik / Alexey Kudenko / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоеннослужащих парадных расчетов на военном параде, посвященном 74-й годовщине Победы в Великой Отечественной войне
Военнослужащих парадных расчетов на военном параде, посвященном 74-й годовщине Победы в Великой Отечественной войне - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ар Рхада Иусԥҟала нанҳәа 25 инаркны аруаа рхыԥхьаӡара 137 нызқьҩык рҟынӡа иациҵеит.
АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Арбџьармчқәа аруаа рхыԥхьаӡара 137 нызқьҩык рҟынӡа ацҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Абри атәы аанацҳауеит азинтә информациа аофициалтә портал.
Урыстәылатәи аруаа рхыԥхьаӡара 1 150 628-ҩык рҟынӡа инеиуеит.
"Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа аруаа рхыԥхьаӡара 2 039 758 рҟынӡа инаӡазааит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 1 150 628 аруаа", - аҳәоит Аусԥҟа аҟны.
2017 шықәсазтәи аусԥҟа инақәыршәаны, Урыстәыла АМ 1 902 758-ҩык ыҟан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 1 013 628-ҩык аруаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0