АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik. Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц. Аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҿы.
"Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара аҭышәныртәалараз азҵаарақәа ҳәаақәызҵо Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы Урыстәыла ААР ажәалагала адкылазааит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны атәылауаа нанҳәа 26 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь. Асеиԥш Урыстәылеи Таџьикисҭани Туркменисҭани роуп Аиқәшаҳаҭра зыбжьоу.