Путин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рзы Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц

© Sputnik / Михаил Метцель / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в открытии объектов здравоохранения
Президент РФ В. Путин принял участие в открытии объектов здравоохранения - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2022
Анапаҵаҩра
Аиқәшаҳаҭра апроект аԥснытәи аган аус аднаулахьан, аха урыстәылатәи аган аиҭакрақәа аланагалар ҟалоит.
АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik. Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц. Аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҿы.
"Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара аҭышәныртәалараз азҵаарақәа ҳәаақәызҵо Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы Урыстәыла ААР ажәалагала адкылазааит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны атәылауаа нанҳәа 26 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь. Асеиԥш Урыстәылеи Таџьикисҭани Туркменисҭани роуп Аиқәшаҳаҭра зыбжьоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0