АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Абзазаратә црыҵкаԥсарҭа Гәылрыԥшь араион аҿы аргылара хыркәшахоит ԥхынҷкәын 2022 шықәсазы, уи аартра ашьҭахь аҳҭнықалақь иалырго агәамсам Аҳабла ҿыҟ аҟны ашьҭаҵара иаҟәыҵуеит. Абри атәы иҳәеит Аҟәа ахада Беслан Ешба Аҳабла ҿыц анхацәеи иареи реиқәшәараан, аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра.
Аҳҭнықалақь ахада иазгәеиҭеит, Аҟәантәи Галҟа агәамсам агара ақалақьтә биуџьет ахарџь ӷәӷәа шанаҭо.
"Иҟоу аҭагылазаашьа ҳдыруеит, аӡбразы маҷк аамҭа аҭахәуп. Ԥхынҷкәынмзазы агәамсакаԥсарҭа аартхар, ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы арантәи агәамсам ақәгара ҳалагоит", - иҳәеит Ешба.
Аҟәа ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, уи азы иахәҭоу атехника ҷыда аархәахьеит.
2019 шықәса, хәажәкырамзазы Алашарбага араион ауааԥсыра ҿҳәарадатәи акциа хацдыркит рраион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа аркразы. Еизаз аполигон ахь инеиуаз амҩа ркит. Уи иалҵшәаны, 2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны аиҳабыра Кациқыҭ аҳаблаҿы абзазаратә црыҵкаԥсарҭа аргыларазы 36 гектар адгьыл алырхит.
Гәылрыԥшь араион аҿы абзазаратә црыҵкаԥсарҭа дыргылаанӡа аҳҭнықалақь агәамсам Гал араион ахь иргалоит. Аха, аҳҭнықалақь зегьы иалырго агәамсам хәҭак аамҭала уаанӡатәи атаксиқәа рпарк аҵакыраҟны ишьҭарҵуеит.