Аҳауа цқьа иазхьаауа: ауаа реилынхарҭа аҟны "ииз" агәамкаԥсарҭа ҿыц

© Sputnik / Томас Тхайцук Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь уаанӡатәи атаксиқәа рпарк ҳәа иахьашьҭоу азааигәара агәам-сам еидкыларҭа ҭыԥхеит. Рыцҳарас иҟалаз ааигәа-сигәа инхои аус зуеи даара иаргәамҵуеит.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik.
Агәам-сам аизгарҭа азҵаара акыр шықәса ҵуеит ӡбашьа амамкәан иҟоишьҭеи. 2018 шықәсанӡа Аҟәа ақалақь Алашарбага аҳабла иахьаҵанакуаз агәам-сам еизгарҭа аҭыԥ азалхын, аха уи иахылҵуаз афҩы бааԥс ааигәа-сигәа инхоз ауаа рыԥсҭазаара иаԥырхаган аҟынтә, рҽеизган иқәгылеит аҟьамсарҭыԥ адыркырц.
Уи иалҵшәаны Аҟәеи Гали усҟантәи рхадацәа Адгәыр Ҳаразиеи Ҭемыр Надараиеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩҩит агәам-сам Аҟәантәи иара аҭыԥ азалхны Гал араион ахь агаразы. Ус шакәугьы, агәам-сам зегьы ишиашоу Галынӡа ицаӡом, иааганы Аҟәа ақалақь уаанӡатәи атаксиқәа рпарк ҳәа иахьашьҭоу икарыжьуеит, нас ауп амашьына дуқәа рыла Галҟа агара ианалаго.
 Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Гал араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа Аҟәантәи агәам заднакылаӡом
Агәам-сам еизгарҭа ааигәа-сигәа ауаа нхоит, иҟоуп аусбарҭақәа "Амшынеиқәафымцамчи" амобилтә еилахәыра "Аҟәафони", ареспубликатә асанепидстанциатә лабороториеи. Уажәшьҭа зегьы ирышьццалаз ирҳәоит ирмычҳар ада уаҳа ԥсыхәа шрымам.
"Акыр ҵуеит араҟа аус ҳуеишьҭеи. Афҩы ҳаргәамҵуеит, аха иҳачҳауеит. Уахынла ахәынаԥқәа ҩноуп, шьапгыларҭа ыҟаӡам", - ҳәа дахлафны иҳәоит ааигәа иҟоу амашьына ҟазарҭа аусзуҩцәа руаӡәк.
Агәам-сам аизгарҭа ааигәа инхоит ԥшь-ҭаацәарак. Урҭ дыруаӡәкуп Аԥсны Жәлар рартистка, Аҳәынҭқарратә капелла асолист Манана Шамԥҳа.
Мусороуборочная машина - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Абзазаратә црыҵқәа рполигон 2021 шықәса лаҵарамзазы Гәылрыԥшь аргылара иалагоит
Уи лажәақәа рыла, ас еиԥш анхара уаҳа рылшом, агәам еизнаго ахәаҷа-маҷақәа рыбзазара иаԥырхагоуп, аҳәынаԥқәа аҩны иҩналоит, адәахьы адәылҵра иацәшәо иалагеит.
"Аҩны ашә, аԥенџьыр, ааҳартыр ҳшәоит аҳәынаԥқәеи амаҵақәеи ҩналоит. Ахәыҷқәа аҳәынаԥқәа ирыцәшәоит, ҳаргьы ирыцҳар ҳәа ҳшәоит. Ас еиԥш арыцҳара ҳақәшәаанӡа, хәылбыҽхала сгәылацәеи сареи ҳандәылҵны, ҳауа цқьак ҳфоит ҳәа адәахьы ҳнатәалон, аха шьҭа уи ҳалхәдаахеит, агәам-сам афҩы ала ҳаԥсыԥ ҳгоит. Ҳахьмаҷу азыҳәан, аӡәгьы хылаԥшра ҳаиҭом, иаҳҳәо аӡәгьы ибарц-иаҳарц ииҭахӡам", - ҳәа лгәала ҳацеиҩылшеит Манана Шамԥҳа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Агәам-сам аизгарҭа инацәыхарамкәа игылоуп акрыфарҭа маҷ. Уи аус ауеит 1994 шықәса раахыс. Аԥшәма Емма Ҳаџьымԥҳа лажәақәа рыла, лыкрыфарҭа аркара азҵаара дазхәыцуеит, избан акәзар, афҩы бааԥс иахҟьаны аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара иагхеит. "27 шықәса ҵуеит абраҟа аус зуеишьҭеи, аха ахаан уадаҩрак санианы иҟамлацызт. Еснагь сыкрыфарҭа ауаа агмызт, ааигәа иҟаз ахеилакқәа рҟынтәи акрыфара имҩахыҵуан, аха уажәтәи аҭагылазаашьа акрыфарҭа аркра азҵаара сызцәырнагеит, угәы ахыланы акрызлауфарызеи уааигәа агәам-сам еизгарҭа аныҟоу?" - ҳәа лҳәоит Емма.
© Sputnik / Томас Тхайцук Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" адиректор Саид Кур-иԥа иажәақәа рыла, аҟьамсар аизгарҭа аҭахуп, избанзар зныкала агәам-сам зегьы Галҟа ирызгаӡом, амашьынақәа ахьырзымхо иахҟьаны. Мызк ахьынтә Аҟәантәи агәам-сам алыргоит 25 нызқь куб. Агәам-сам зҭарԥсо 500 контеинер 1,1 куб зкуа хә-машьынак ирықәҵаны ҽнак ҩынтә Галҟа идәықәырҵоит.
"Иҵегь еиҳаны изкуа аконтеинерқәа ҳамоуп, аха ҳмашьынақәа ахьажәу иахҟьаны ирзыгаӡом. Иҳамоу х-машьынак рыла агәам-сам ааганы араҟа икарыжьуеит, нас агәам еидызкыло амашьынақәа надгыланы, иақәҵаны идәықәлоит", - ҳәа иҳәоит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Кур-иԥа иажәақәа рыла, агәам-сам ахьықәырго азыҳәан, шықәсык аӡәы 340 мааҭ аԥара ахишәаароуп, аха изшәо даара имҷҩуп.
Агәыӷра ыҟан атаксиқәа рпарк агәам-сам еидкыларҭа аамҭалатәи ҭыԥуп, иазалху Гәылрыԥшьтәи акьамсаркаԥсарҭа аадыртаанӡа ҳәа. Уи аргылара атәы 2019 шықәса аахыс ацәажәарақәа цоит, аха аусура иахьа уажәраанӡа иаламгацт. Ԥхынгәымзазы Гал араион аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьопуа арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит, ақыҭа Шьашьикәара иҟоу агәам еизгарҭа Аҟәантәи агәам-сам шаднакыло 2021 шықәса анҵәамҭанӡа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Ажәабжьқәа зегьы
0