Урыстәылаа рзы ирмариоу авизатә режим аанкылоуп Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иахҟьаны

Урыстәылеи урыстәылааи рганахь ала европатәи атәылақәа асанкциақәа шаларгалац иаларгалоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Евроеидгыла Ахеилак аӡбамҭа шьақәнарӷәӷәеит еиҳа ирмариоу авизатә режим урыстәылаа рзы иаанкылазарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Евроеидгыла Ахеилак аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.
Аӡбамҭа амчра аиуеит цәыббра 12 инаркны. Анаҩс Урыстәыла атәылауаа рзы азеиԥш ԥҟарақәа ахархәара роулоит – азыҳәа ахәаԥшра аҿҳәара иацлоит, иаҭаххоит адокумент цҵақәа, авизатә еизга 35 евро аҟынтә ихалоит 80 евро рахь.
Урыстәылаа рзы иуадаҩхоит акраамҭатәии изныктәыми авизақәа роура, азин ҟаҵалахоит аныҟәара арыцхә иахьырԥшны мацара.
ЕЕ аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аеврокомиссар Илва Иоханссон аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәылантәи европатәи атәылақәа рахь аныҟәара азин шроуло атуристтә визақәа рыла ажурналистцәеи аҩнытә ҭагылазаашьала ма агуманитартә ҭагылазаашьала уахь хымԥада инеираны иҟоу атәылауааи.
Еврокомиссиа ирмариоу авизатә режим аанкыларазы аӡбара азнархиеит
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит урыстәылаа рзы авизатә ԥкрақәа ҟалар, Европа атәылауаагьы аҳәаа ахысраан ауадаҩрақәа ирықәшәоит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, ари "ихшыҩдоу аурысцәымӷра" аанарԥшуеит.