Еврокомиссиа ирмариоу авизатә режим аанкыларазы аӡбара азнархиеит

© Fotolia / Grecaud PaulФлаги Евросоюза перед зданием Еврокомиссии в Брюсселе
Флаги Евросоюза перед зданием Еврокомиссии в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы ЕЕ атәылақәа рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Прагатәи реиԥылараан еиқәшаҳаҭхеит урыстәылаа рзы ирмариоу авизатә режим аанкыларазы.
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Еврокомиссиа иазнархиеит ажәалагалақәа Евроеидгыла атәылақәеи Урыстәылеи рыбжьара ирмариоу авизатә режим мап ацәкразы. Абри атәы лҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы еврокомиссар Ильва Иуханссон.
Еврокомиссиа аӡбамҭа амчра аиур ҟалоит цәыббра 12 инаркны.
Убри аан урыстәылаа шенгентәи авизақәа рыҭараан аԥыжәара амазароуп агуманитартә мзыз.
Люди идут перед флагом Евросоюза в районе штаб-квартиры ЕС в Брюсселе 23 сентября 2021 г. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2022
Евроеидгыла атәылақәа урыстәылаа рзы ирмариоу авизаиура арежим ааныркылоит
Акомиссар илҳәеит авизатә режим аԥыхра ашьҭахь ЕК Евроеидгыла аконсултә маҵзурақәа русуразы абжьгарақәа шыҟанаҵо. Иухансон илҳәеит "аҳәаақәа еснагь ишаарту ахьчара зҭаху рзы – ажурналистцәа, адиссидентцәа, азинхьчаҩцәа, астудентцәа… Аха убри аан ЕЕ аҳәынҭқарра-лахәылацәа азеиԥш политика, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа уҳәа ашәарҭара иҭазыргыло ҳәа иршьо мап рыцәнакуазароуп" ҳәа.
Ииасыз амчыбжь азы ЕЕ атәылақәа рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Прагатәи реиԥылараан еиқәшаҳаҭхеит урыстәылаа рзы ирмариоу авизатә режим аанкыларазы. Авизақәа роура уажәшьҭарнахыс аамҭа еиҳа иагоит, ахәԥсагьы иазҳауеит. Убри аан Польша, Балтиа атәылақәа, Финлиандиа ргәы иҭоуп иааиуа амчыбжь инаркны Москва аганахьала авизатә санкциақәа рылацәажәара.
Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ЕЕ апланқәа ахҳәаа рыҭо, илҳәеит Урыстәыла Евроеидгыла аиԥш ахымҩаԥгара агәы ишҭам, аха убри аан аҭак уснагӡатәқәа рыҟаҵара азин шамоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0